
pressadmin-2
Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рыплиажқәа ишьақәырӷәӷәоу анормақәа иахьрықәымшәо азы ахараԥса рыдҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда ақалақьқәеи Цандрыԥшь аҳаблеи рҿы аплиажқәа ргәаҭара мҩаԥыргеит.
Иашҭхәа ақыҭан иаатит афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пункт.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан иаатит афершалтә-ԥҳәысеилыргаратә пункт. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит араион ахада Алхас Ҷыҭанаа, ахада ихаҭыԥуаҩ Фарад Микаелиан, араионтә поликлиника аҳақьым хада Андреи Ҭыжәба.
Иашҭхәа ақыҭан инхоит 2300-ҩык. Акыраамҭа ҵуеит апункт аус амуеижьҭеи, убри азы анхаҩцәа рхала ақалақь ахь ицар, мамзаргьы ирласы амедицинатә цхыраара иаԥхьар акәхон. Аҟәа араион ахадара абиуџьет ахарџь ала ахыбра аиҭашьақәыргылареи иаҭаху амаҭәахә аахәареи мҩаԥган.
Алхас Ҷыҭанаа ипункт зегьы рымчқәа еилаҵаны аартра алыршахеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аԥснытәи аԥсар Гонконг имҩаԥысыз анумизматикатә хәаахәҭратә-цәыргақәҵа аҿы иалкаахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә Банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи Амилаҭтә Банк Гонконгктәи жәларбжьаратәи анумизматикатә хәаахәҭратә цәыргақәҵа алахәхара атәы рзеиҭеиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Беслан Бараҭелиа аусмҩаԥгатә апрограмма аусуратә хәҭа, иара убас аукционтә хәҭа ихы алаирхәит.
Аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа, абалет: Аҟәа Амш шазгәарҭо.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 7 – 9 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Ԥхынгәымза 7
Асааҭ 19:00 рзы – Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы, аколлонада азааигәара имҩаԥгахоит урыстәылатәи аестрада артистцәа Дмитри Маликов, Анна Семенович, Дариа Антониук рконцерт. Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит - Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны».
Ԥхынгәымза 8
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит “Арҵаҩратә ҟазара ашкол”.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы «Арҵаҩратә ҟазара ашкол» II асезон аусура иалагеит.
Аԥхынтәи ашкол аҵакы хаданы иҟоуп ҳаамҭазтәи азнеишьқәа рдырра, арҵара атехнологиақәа, ааӡареи аҵараиурҭақәа рнапхгараҭареи, уҳәа аҵарадырра аусхкы аҿы аԥышәала аимадара ала арҵаҩцәа рзанааҭтә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхра алыршара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа.
Аслан Бжьаниа Тамшьтәи адесант аҟны иҭахаз ргәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭаҟны 30 шықәса раԥхьа Тамшьтәи адесант аӡхыҵра амш аҽны Ахьӡ-Аԥша Абаҟаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аиҳабыра алахәцәа, Администрациақәеи ақыҭақәеи рхадацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Агәалашәаратә митинг аҟны дықәгылеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи Владимир Путини ҭелла реицәажәара.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини ҭелла реицәажәара
Ахада гәыҩбарада азакәанреи аконституциатә леишәеи рышьақәыргылара иазку Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа адгылара шриҭо атәы иҳәеит.
Ҩ-ганктәи аусеицура инамаданы актуалра змоу азҵаарақәа рылацәажәараан аҳәынҭқаррақәа рхадацәа иазгәарҭеит зыҩаӡара ҳараку аимадарақәа шрыбжьоу, иара убас аҧхьаҟа урҭ рырӷәӷәарагьы ишазхиоу.
Алхратә комиссиа Хада ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, ԥхынгәымза 4, 2023 шықәсазы имҩаԥысыз Алхратә комиссиа Хада аилатәара аҿы ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара амҩаԥгара азҵаара иахәаԥшит.
Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахь «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡа иалхрақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?» ҳәа азҵаарала ареферендум амҩаԥгаразы зеилазаара 36-ҩык рыла ишьақәгылоу аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагаларазы арзаҳал нашьҭхеит.
Маркәыла ақыҭан иаадыртуеит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара аламҭалазы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аадыртуеит Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан.
Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал ишеиҭеиҳәаз ала, ҩы-шықәса раԥхьа ақыҭауаа рымч ала абаҟа ахьыргылахо аҭыԥ рыцқьаны ахаҳә шьҭарҵеит.
«Ҳара атәыла анапхгара ахь аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟа аргылара ҳгәы ишҭоу азы ашәҟәы ҳаҩҩит. Ацхыраара ҳарҭеит. Аусурақәа абар шьҭа мызкы иалагӡаны имҩаԥысуеит . Ҳақәгәыӷуеит цәыббрамза 30 рзы абаҟа аартра шалыршахо», - ҳәа иҳәеит Анри Хәырхәмал.
Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ақалақьргылара» апрораб хада Асҭамыр Кәакәасқьыр ажурналистцәа дрыҿцәажәо, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ари абаҟа аргыларазы 3 млн 952 нызықь мааҭ азоужьхеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников диԥылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, ԥхынгәымза 4 рзы имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи мышкы иалагӡаны усуратә визитла Аԥсныҟа иааз Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови реиԥылара мҩаԥысит.