Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Атуристтә бизнес ду абинес маҷ иаԥырхагоуп ҳәа иҟоу агәаанагара акала ишьаҭаркым. Хыԥхьаӡара рацәала ауаа идуум асасааирҭа ҩнқәа гәахәарыла ирҭаалоит. Иарбан тауарзаалакгьы ахатәы аахәаҩ дамоуп». Абри азы жьҭаарамза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭақарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы активла зыргылареи зеиҭашьақәыргылареи мҩаԥганы аусура иаладырго атуристтә обиект дуқәа абизнес маҷ иаԥырхагаӡами ҳәа ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
«Шәара ижәдыруама иахьа Шәача ақалақь иаднакыло атуристцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо атәы? Араҟа иҟоу атуристтә обиект дуӡӡақәа рнаҩсгьы ихәыҷу асасааирҭатә ҩнқәагьы ыҟоуп, ауадақәагьы қьырала ирырҭоит. Иаагозар, Шәача иҳаҩсыз ашықәс азы иаднакылаз атуристцәа рхыԥхьаӡара 7,2 милион-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ижәдыруама ҳара шаҟаҩы атуристцәа ҳадаҳкыло? Ҳазҭоу ашықәс атуристтә аамҭахәҭа аихшьаалақәа рыла, иҳадаҳкылар ҟалап 600 нызықьҩык, арахь иаҵанакӡом мышкыҳәа ҳтәыла иаҭааз. Ҳара иҳамоуп ҳхы зқәаҳкыша. Ҳотель хәыҷқәа зегьы аԥхынразы иҭәын. Ҳара иҳамаӡам зыхәԥса ҳараку аелитатә отельқәа рсегмент, убри ауп аиҳарак аус злоу», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара «имаҷу аотельқәеи асасааирҭатә ҩнқәеи абизнес ду азы аконкурентра назыгӡо ракәӡам, уи даҽа сегиент ауп» ҳәа иазгәеиҭеит.
«Иарбоу ахырхарҭала ҳара ҳџьармыкьа зынӡа инагӡаны ихарҭәааӡам, уи макьаназы ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп. Территориала Аԥсны аасҭа хынтә еиҵоу Шәача ақалақь быжь миллионҩык атуристцәа рыдкылара алшозар, ҳара изҳалымшари уи аҟара акәымзаргьы, иахьа иҳамоу аасҭа еиҳаны адкылара. Ҵоуп, Шәача иҟоу атуристтцәа рхыԥхьаӡара ҳацлабуа ҳаҟамзаргьы, уеизгьы хә-миллионҩык рҟынӡа атуристцәа рыдкылара ҳалшаратәы ҳаҟоуп. Аус аҿы иахьазы ҳара иҳадаҳыло 600 нызықьҩык заҵәык роуп. Ҳара аҿиара ҳҭахуп, уи азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалароуп. Уи акы. Иҩбахаз, ари аҩыза абизнес ахкы зегьы иреиҵаны аԥсабара иаԥырхагоуп. Уеизгьы уи ӷәӷәала аекологиа иаԥырхагахар зылшо афабрикақәеи азауадқәеи ракәӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Уи ҷыдала иазгәеиҭеит атурбизнес аҿиара ақыҭанхамҩа аҿиарагьы шацу. «Уи ақыҭанхамҩа аҿиарагьы хымԥада иацлоит, избан акәзар, дара (аԥсшьаҩцәа – АП азгәаҭа) убри аалыҵ зегьы рхы иадырхәалоит. Ииашоуп, ҳара иахьа ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахарџьқәак ҟаҳҵоит, аха уи маҷуп. Уи аганахьала алҵшәа бзиа аиуразы еиҳаны алагалара аҭахуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.