«Иазԥхьагәаҭаз аусурақәа рӷьырак нагӡоуп, иҟоуп ахыркәшарахь инеихьоугьы. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҭараан Аԥсны иаҭааит 800-ҩык инареиҳаны Нхыҵ Кавказынтәи асасцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа. Ҩымчыбжь ирылагӡаны дара ара иҟан. Аԥсшьара аума, абилетқәа раахәароума, аекскурсиақәеи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи акрыфареи, уҳәа ирыдҳәалаз ахарџь зегьы ҳбиуџьет аҟынтәи ихарҭәаахон», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Атәылахьчара Аминистрра иазоужьын 130 млн. мааҭ инареиҳаны. «Шәара ижәбон, апарад аан арратә техника ҿыц шыиасуаз. Уи ГАЗ-66 абазала иҟаҵоу, «Садко» ҳәа изышьҭоу, зыиасралшара рӷәӷәоу жәа-машьынак роуп, иара убас 20 рҟынӡа егьырҭ амашьынақәа. Апарад авиациатә хәҭа ҳара Ҳарра-ҳаиртә Мчрақәа иреиуоу аҵәиԥрыгақәеи аҳаирпланшәарыцақәа Л-39 рыла арбаратә қәгыларақәа нагӡан. Арҭ аԥырратә аппаратқәа рҭагылазаашьа иахәҭоу аҩаӡараҿы инаган. Иахәҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган, уажәшьҭа уи зегьы ҳҳәынҭқарра ахьчаралшара арӷәӷәара азы аус ауеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. Иара убас, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра азы иҿыцу амаругақәа аахәан, афотоальбои «Аиааира» аиҭаҭыжьра алыршан, Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵра иазкны афотоальбом ҭыжьын.
Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы арратә еиҳабацәа Владимир Гьаргь-иԥа Аршбеи Гиви Камыгә-иԥа Агрбеи Мушьни Хәымса-иԥа Хәарҵкьиеи рбаҟақәа шьақәыргылан.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рахь ааԥхьара рыҭан Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, уҳәа атәылақәа рҟынтәи аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
Иҭахаз рҭаацәа 20-20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭан, иара убас Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҳәса-аветеранцәеи аинвалидцәеи рыцыԥхьаӡа ирызшәан 10 нызықь мааҭ.
«Ҳара уи азы аусшәҟәы еиқәҳаршәеит, атәыла анапхгара ақәҵара ыҟоуп, иааиуа ашықәс инаркны хазы игоу акатегориақәа иреиуоу, I, II, III агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа-аинвалидцәа, зыԥсҭазаара иалҵхьоу аибашьра аинвалидцәа рҭаацәа, Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа ртәанчахәқәа 2 нызықь мааҭ рыла ашьҭыхра азы аԥаратә хархәагақәа ҳаԥшаауеит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Иааизакны атәанчахәқәеи асоциалтә шәатәқәеи рышьҭыхра иаҵанакуеит 5174-ҩык рҟынӡа.
Иарбоу ахықәкқәа рзы абиуџьет аҟынтәи иазоужьхоит 125 млн. 128 ныз. мааҭ. Ашәатәқәа ршәара иалагоит ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны.