Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәсазы, уажәы Шәчеи Гагреи ирыбжьоу афымцадәыӷба «Ласточка» Аҟәанӡагьы иныҟәалоит. Абри азы жьҭаарамза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Уи азы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџьи Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥснытәи Аихамҩа» ахархәагақәеи рҟынтәи афинансқәа Гәдоуҭатәи авокзал, аплатформа «Ԥсырцха», Аҟәатәи авокзал азганк реиҭашьақәыргыларазы иазоужьхоит.
Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, 2026 шықәса аламҭалазы афымцадәыӷба «Ласточка» Очамчыранӡа аныҟәара алыршара азԥхьагәаҭоуп.
«Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Китаи имҩаԥысуаз «Жәларбжьаратәи афорум «Один пояс, один путь» аҿы дызлацәажәоз, Мурманск инаркны Иран аҟынӡа «еиԥшьырҭадоу» аихамҩатә еимадаразы «иаку атраспорттә логистикатә каркас» ҳәа изышьҭоу аинфраструктуратә проект Аԥсны залахәхома ҳәа ажурналист иҟаиҵаз изҵаара аҭак ҟаҵо, Аслан Бжьаниа, макьаназы уи азы иарбанызаалак аӡбамҭақәа ыҟаӡам, аха уи жәаҳәарада ареспублика аинтересқәа ирықәшәо иҟаларын ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аԥсны ала аекономикатә транзит амҩаԥгара аганахьала конкретла изеиԥшразаалак аӡбамҭақәа рыдрымкылаӡацт, избан акәзар урҭ мышкала рыдкылара алшаӡом. 30 шықәса иреиҳаны аихамҩатә еимадара еиԥҟьаны иҟан, уи аиҭашьақәыргылара аамҭа аҭаххоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, «Аԥсны ари аус ахь аинтеграциа алыршахар ҟалоит ҳара уи ҳшазыҟаҵоу ааҳарԥшыр, насгьы ақырҭуа гангьы убасҵәҟьа уи аҩыза аанарԥшыр».
Аҳәынҭқарра Ахада ааигәа Аԥсныҟа иааны ишыҟаз Урыстәылатәи аихамҩақәа рыспециалистцәа ргәыԥ, урҭ Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа иахьаҵанакуа аихамҩа аҭагылазаашьа гәарҭеит.
«Уажәы акомиссиа аусура ашьҭахь ахыԥхьаӡареихшьаалатә ркомплекс мҩаԥысуеит. Атранзин Аԥсны иалсны имҩаԥгазарц азы азҵаарақәа зегьы ҭышәынтәалазароуп. Уи аекономика аганахьала еиԥш аполитика аганахьалагьы еиҳа феида алазароуп», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.