Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 21 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура 14 шықәса ахыҵуеит.
Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аԥҵара Амш аламҭалазы Амаҵзура аҿы хаҭалатәи аилазаара аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Гамсаниа «аполковник» ҳәа изаамҭанытәиим арратә хьӡы ианашьахеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Рамин Габлаиа идҵа инақәыршәаны, «Амаҵзура ибзиаӡаны иназыгӡо» ҳәа аџьшьаратә гәышԥытә дырга ала иалкаахеит 13-ҩык Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусзуҩцәа.
«Ԥырашәа змам амаҵзуразы» III аҩаӡара амедал ранашьахеит 11-ҩык ауаа.
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз апарад иалахәыз 47 –ҩык Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аруаа аџьшьара рыҭоуп.
Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь жьҭаарамза 21, 2009 шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа ала иаԥҵан.
Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура амиграциа аусхы аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, Аԥсны аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи рыла иҟоу амиграциатә закәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара, иара убас атәыла анапхгара иарбоу аусхкы аганахьала иарбоу Амаҵзура аҿаԥхьа иқәнаргыло ахыдҵақәа рынагӡара иадҳәалоу аҳәынҭқарратә политика анагӡара иазкуп.
Уажәы Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура напхгара аиҭоит аинрал-маиор Рамин Габлаиа.