«Иарбоу амедицинатә еиқәыршәагақәа екстерла амедицинатә цхыраареи аинтенсивтә терапиеи зҭаху ҿыц ииз ахәыҷқәеи апациентцәеи рзы акырӡа аанагоит, избан акәзар урҭ аамҭа кьаҿ иалагӡаны ҿыц ииз ахәыҷы ахәышәтәырҭа аҟынӡа транспортла ииагареи иахәҭоу ацхыраара иҭареи алдыршоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахалыԥшрала аус зуа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Жәларбжьаратәи аиҿкаара Ахәыҷтәы фонд (UNICEF) Аҟәатәи аофис Аԥсны иқәынхо анацәеи урҭ рыхшаареи ргәабзиара ахьчара аганахьала амаҵзурақәа рыҩаӡара ашьҭыхра иазкны аусура ацҵара агәы иҭоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахалыԥшрала аус зуа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Жәларбжьаратәи аиҿкаара Ахәыҷтәы фонд (UNICEF) Аҟәатәи аофис ахада Оливие Тоне.
20.Жьҭаара.2023
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахалыԥшрала аус зуа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Жәларбжьаратәи аиҿкаара Ахәыҷтәы фонд (UNICEF) Аҟәатәи аофис Ареспубликатә хәышәтәырҭа иҷыдоу амедицинатә еиқәыршәага ҳамҭас ианаҭеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахалыԥшрала аус зуа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Жәларбжьаратәи аиҿкаара Ахәыҷтәы фонд (UNICEF) Аҟәатәи аофис Ареспубликатә хәышәтәырҭа екстерла амедицинатә цхыраареи аинтенсивтә терапиеи зҭаху ҿыц ииз ахәыҷқәеи апациентцәеи ирызку иҷыдоу амедицинатә еиқәыршәага ҳамҭас ианаҭеит.
Ахәышәтәырҭа азы иаахәан ҿыц ииз рзы атранспорттә инкубатор-аҳауарыцқьага, агазқәеи ашьа ахимиатә еилазаареи апортативтә анализатор, акалибратор, акартриџьқәа, уҳәа убас иҵегьы.
Аиқәыршәагақәа аахәоуп жәларбжьаратәи аҿиара азы Еиду Америкатәи Аштатқәа Рагентра афинанстә цхыраара иабзоураны.