
pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ауаажәларратә Палата иҿыцу VI ааԥхьара дырԥылоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ауаажәларратә Палата иҿыцу VI ааԥхьара дырԥылоит. Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәули Кьычба аиҧылара аартуа иазгәалҭеит Ахадеи Ауаажәларратә палата алахәцәеи реиҿцәажәара иамоу аҵакы, иара убас дырзааҭгылеит ицәырыргараны иҟоу азҵаарақәа.
Излацәажәараны иҟоу азҵаарақәа иреиуоуп: аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, атәыла амчхаратә система аиҭакра, Гал араион атәылауаа рзинтә статус, асоциал-економикатә усхк аҭагылазаашьа (Егры аӡиас аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа азҵаара, апартаментқәа, аҳаиртә баӷәаза, аихамҩатә транзит, Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳабжьара амшынтә еимадара).
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, еиҧыларак аҳәаақәа ирҭагӡаны Ауаажәларратә палата алахәцәа ахәԥшразы иқәдгыргылаз актуалра злоу азҵаарақәа зегьы инарҭбааны рылацәажәара залыршахаӡом. «Абарҭ азҵаарақәа рылацәажәаразы даҽа еиԥыларақәак мҩаԥаҳгар ҳалшоит», - ҳәа иҳәеит Ахада. Иара убас аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа аҿиара иадҳәалоу аконструктивтә аԥшьгарақәа рыдгылара дшазхиоу. «Иахәҭоу азакәанқәа рыдкылоуп, аха уи азхом. Сара сзы уи акрызҵазкуа зҵаароуп, абызшәа мыҿиакәа, аҳәынҭқарра зыҿиаӡом», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аминистрцәа Реилазаара аҿы акультура-ҭоурыхтә ҭынха аобиектқәа реиқәырхара иазку аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аспециалист хадацәеи анапхгаҩцәеи алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Аусбарҭа аиҳабы Гарик Сангәылиа аусбарҭа изаамҭанытәиу аусуразы адырра ҟаиҵеит.
Аилатәара аҿы аҭоурыхтә, акультуратә, адоуҳатә ҭынха ахьчара иазкны имҩаԥгахо аҳәынҭқарратә политика азинтә ҭышәынтәалара, иарбоу аусхкы аҿы анорматитә база аиӷьтәра, аҭынха аобиектқәа рсиа аиқәыршәара апринципқәа ралкаара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
2025 шықәсазы Цандрыԥшь аҳаблаҿы иаатуеит аԥсуа школ.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәсазы Цандрыԥшь ақыҭан иаатуеит аԥсуа школ. Ауаажәларратә Палата аҿы абарҭ асааҭқәа рзы имҩаԥысуа аиԥылара аҿы абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Ауаажәларратә Палата алахәыла Изольда Ҳагба ахәыҷқәа аԥсуа школ ахьыҟам инамаданы аурыс школ ахь иахьныҟәо Цандрыԥшь аҳаблаҿы аԥсуа школ аартра залыршахома ҳәа иҟалҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
«Аԥсуа школ хымԥада иргылахоит. Анаҩстәи апроцесс, ахәыҷқәа аԥсуа школ ахь аҟаҵара ауп хадара злоу».
Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы Цандрыԥшь аҳаблаҿы аԥсуа школ ыҟаӡамызт ҳәа иазгәеиҭеит.
Аџьаз ала агәырԥсаҳәара: ԥхынгәымза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иқәгылоит Сергеи Жилини уи напхгара зиҭо аоркестри «Фонограф-Джаз-Бэнд».
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 14, асааҭ 20:00 рзы, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Филармониа аҿы имҩаԥысуеит Урыстәыла зегьы еицырдыруа, акыр қәҿиарала иқәгылауа аџьазтә музакантцәа иреиуоу, апианист-виртуоз, акомпозитор, аранжировка азҟаза, абенд-аԥыза Сергеи Жилини уи напхгара зиҭо аоркестр «Фонограф-Джаз-Бэнд» аколлективи рконцерт.
Аԥсны Арбџьармчқәа рыррамаҵурауаа зегьы абуџьетнҭыҵтәи асоциалтә фондқәа рахь ахыхтәқәа рҟынтәи иақәиҭтәхоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьетнҭыҵтәи асоциалтә фондқәа рахь абгаԥсатә лагалақәеи ашәатәқәеи рзы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
«Зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа анапхгаратә еимадара Агентра, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, уҳәа рыруаа рԥаратә џьаԥса аҟынтәи абгаԥсатә шәатәқәа рыҟаҵара иақәиҭызтәуа анорма ашьақәыргылара иазырхоуп», – ҳәа аусшәҟы адгалара мҩаԥго иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ихаҭарнак Анри Барцыц.
«Аелектронтә шәаратә хархәагақәа рхархәарала амилаҭтә шәаратә система азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аелектронтә шәаратә хархәагақәа рхархәарала амилаҭтә шәаратә система азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Ари азакәан апроект Амилаҭтә шәаратә Система ишахәҭоу ала аиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны Абанк ала еиқәыршәоуп. Ари азакәан апроект АԤРА аԥҵаҩы аҳасабала Аԥсны Абанк Амилаҭтә шәаратә Система аԥҟарақәа реиқәыршәареи рышьақәырӷәӷәареи рзы аҷыдалкатә зин шьақәнарӷәӷәоит.
Роберт Киути Игорь Зубови Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа русеицура апрограмма анагӡара иалацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 5 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр истатс-маӡаныҟәгаҩ-ихаҭыԥуаҩ - Игорь Зубови русуратә еиԥылара.
Роберт Киути Игорь Зубови азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, урҭ иреиуоуп:
2021-2023 шш. Аминистррақәа русеицура Апрограмма анагӡара;
Аҟәа ақалақь аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҩганктәи аинформациа-координациатә Центр аргылара;
аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ацәгьоурақәа рҿагылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аԥхьырҟәҟәаареи рганахьала аусеицура;
аусеилыргаратә усбарҭақәеи аӡбарҭақәеи рҟынтәи зыҽӡаны иҟоу ахаҿқәа рыԥшаареи, иара убас акурорттә аамҭахәҭа азы урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаареи.
Москва ақалақь аҿы Роберт Киути Игорь Зубови реиԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр истатс-маӡаныҟәгаҩ-ихаҭыԥуаҩ - Игорь Зубови русуратә еиԥылара.
Аганқәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, урҭ иреиуоуп: 2021-2023 шш. Аминистррақәа русеицура Апрограмма анагӡара, Аҟәа ақалақь аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҩганктәи аинформациа-координациатә Центр аргылара; аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ацәгьоурақәа рҿагылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аԥхьырҟәҟәаареи рганахьала аусеицура; аусеилыргаратә усбарҭақәеи аӡбарҭақәеи рҟынтәи зыҽӡаны иҟоу ахаҿқәа рыԥшаареи, иара убас акурорттә аамҭахәҭа азы урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаареи.
Кәыдры аӡиас аҿы аӡышьҭрарҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡҩыбжьа ақыҭан Кәыдры аӡиас аҿы аӡышьҭрарҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Шьаҭынкылатәи аргылара Аусбарҭа атехникатә хылаԥшра аҟәша анапхгаҩы Саид Саманба ажурналистцәа дрыҿцәажәо, аӡиас ахыҵра аԥхьырҟәҟәаара азы аӡышьҭрарҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
«Аусурақәа абар шьҭа хымз ирылагӡаны имҩаԥысуеит. Иарбоу аусурақәа рҵакыра 2 км. иреиҳауп, уи аҭбаара - 200 метра рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Арҭ аусурақәа рынагӡаразы Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоужьхеит 60 млн мааҭ.
2023 шықәса фымз ирылагӡаны Амилаҭтә шәаратә система аикәыршара 14 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса фымз ирылагӡаны Амилаҭтә шәаратә система аикәыршара 13 млрд 978 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2022 шықәса актәи азыбжа азы иҟаз арбагақәа раасҭа 15 % рыла еиҳауп. Абри азы Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭалиа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Владимир Делбеи.