Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аныҳәатә ԥсшьарамшқәа шыҟазгьы, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы аусура иашыкьаҳәымҭан. Атеатр актиорцәа асезон ҿыц аартра рҽазыҟарҵоит. А. П. Чехов еицырдыруа ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Саншьа Иуана» ала иқәыргылоу аспектакль аԥхьарбара азгәаҭоуп жәабранмза аҽеиҩшамҭазы. Аспектакль ақәыргылаҩ арежиссиор қәыԥш Бенар Ақаҩба. Абри атәы аанацҳауеит акультура Аминистрра.
Аспектакль иалахуп актиорцәа: Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сергеи Габниа, ареспублика зҽаԥсазтәыз артистцәа Тома Гамгиа, Адгәыр Малиа (аеншьа Иуана), Лаврик Ахба, еицырдыруа актриса Розита Ҭаниа, абаҩхатәра злоу актиор қәыԥшцәа Есма Кәыҵниа, Лана Џьопуа, Леон Кәыр-оглы.
А.П.Чехов ипиеса аԥсшәахь еиҭеигеит Аԥсны жәлар рартист, арежиссиор Валери Ақаҩба. Асценограф – Гарри Дочиа, акостиумқәа рсахьаҭыхҩы – Диана Допуа.
«Ауаҩы имоу зегьы ԥшӡазароуп: ихы-иҿы аума ишәҵатәы аума, игәы-иԥсы, ахәыцрақәа, зегьы», – арҭ ажәақәа апиеса афырхаҵа, адоктор Астров иҳәамҭоуп, ауаажәлар ирылаҵәеит, урҭ зеиӷьаҟам ала аклассик дуӡӡа ирҿиамҭа аҵаки ахықәки аадырԥшуеит.
Атеатр хара имгакәа иазԥхьагәаҭаны иамоуп иара убас аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Д.И.Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса азгәаҭара инамаданы атеатралтә қәгылара амҩаԥгара.