Даниил Дунамалиан раԥхьа азыҟаҵаҩ Мераб Кәакәасқьыр иҿы иҽазыҟаиҵон. Апрофессионалтә шьапылампылтә Клуб ЦСКА Академиа ахь абжахьчаҩ дахыԥхьаӡалахеит жәабранмза, 2022 шықәсазы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи «Динамо» ааӡамҭа, 2009 шықәсазы ииз, Апрофессионалтә шьапылампылтә Клуб ЦСКА Академиа ашьапылампыласҩы Даниил Дунамалиан 2023-тәи ашықәс аихшьаалақәа рыла иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далкаахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Даниил Дунамалиан раԥхьа азыҟаҵаҩ Мераб Кәакәасқьыр иҿы иҽазыҟаиҵон. Апрофессионалтә шьапылампылтә Клуб ЦСКА Академиа ахь абжахьчаҩ дахыԥхьаӡалахеит жәабранмза, 2022 шықәсазы.