Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 10 127 - ҩык аҭааит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ашықәсҿыцтәи аныҳәатә мшқәа ажьырныҳәамза 1 инаркны 10-нӡа. Урҭ рахьынтә - 1 120- ахәыҷқәа роуп. Иҭииз абалеҭқәа рҟынтәи афинанстә лагалақәа - 6 525 900 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
2023 шықәса, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иаҭааз рхыԥхьаӡара 10 077-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә – 1045 ахәыҷқәа. Иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи афинанстә лагалақәа - 6 531 400 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Г. Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс 2024 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны 10-нӡа иаҭааит 7324-ҩык, иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи афинанстә лагалақәа 5 126 800 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 6 395-ҩык, иҭииз абилеҭқа рҟынтәи афинанстә лагалақәа - 4 476 500 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.