Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Қырҭтәыла иахьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аибашьра ахацыркра иазыфеиданы иҟаӡам, аофициалтә Қырҭ иарбоу азҵаараҿы апрагматизми аҽаанкылареи аанарԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Украина Ахада Владимир Зеленски Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реибашьра алагара азы Қырҭтәыла ахь ааигәа иҟаиҵаз ааԥхьара дахцәажәарц азы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы иоуз аҳәара аҭак ҟаҵо иҳәеит: «Еилкаау усуп, Зеленскии уи ивагылоу амчрақәеи Алада Кавказ аҭагылазаашьа аруадаҩра ишашьҭоу, ҳригион аҿы ҿыц ишьаарҵәыроу аибашьра ахацыркразы аҽазышәарақәа шыҟарҵо. Украинатәи амчрақәа аконфликт иалаху ргеографиатә мҽхакы арҭбаара, иара убри ала Урыстәылатәи Афедерациа акәша-мыкәша аҭышәынтәалара аиԥҟьара иашьҭоуп. Убри аан урҭ ари аибашьра аҿы даара хыԥхьаӡара рацәала аҭынч уааԥсыра, аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа ҭахар шалшо митәык рхахьы иааргаӡом».
Аслан Бжьаниа Зеленски иганахьала ас еиԥш аҳәамҭақәа уажәы аԥхьагьы аҭыԥ роухьан ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара исҭахуп шәара Мраҭашәара ареакциа ахышыҩзышьҭра ашәҭарц. Уи акыр имаҷуп, иара зынӡагьы иҟаӡам ҳәа уҳәаргьы ҟалоит, избан акәзар уаҟагьы Аԥсны аганахьала аиԥш-зеиԥшу агәаанагарақәа ыҟоуп. Убри ала ҵабыргны иаарԥшхоит мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа «ргәаҭа». Уи зысҳәо, ҳаӷацәа азусҭҵәҟьоу, насгьы иарбан ганахьалоу апровакациақәа ҟалар ахьалшо еилыркаарц. Қырҭтәыла иахьатәи анапхгара аҽынкылареи апрагмтизми аанарԥшып ҳәа агәыӷра сымоуп. Қырҭтәыла иахьа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аибашьра ахацыркра иазыфеиданы иҟаӡам ҳәа агәаанагара сымоуп. Убри аан аофициалла иазгәасҭарс сҭахуп, Аԥсны Арбџьармчқәеи ҳадгылаҩцәеи рымчала ҳтәыла ахьчаралшара инагӡаны иахәҭоу аҩаӡараҿы ишыҟало», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.