«Гәымсҭатәи ацҳа аҭагылазаашьа ҽеиӡам, уи аиҭашьақәыргылара иаҭаххо ахарџь 3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Сара ари азҵаараҿы ацхыраара саҳәеит, уи аганахьала ацхыраара ҳаҭахоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа реиԥылара 1,5 имҩаԥысуан. Ахадацәа иара убас жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи атәылахьчаралшара арӷәӷәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы шьҭырхит.
Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара, ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азҵаарақәа рҭышәынтәалара, Аԥсны адәныҟаполитикатә курс, Ааигәа Мрагылара аҿы аусура, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи русеицура азҵаарақәа.
Апресс-конференциа аҿы иҟаз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба убасҵәҟьа Сергеи Лавров иԥылара лҵшәа бзиала имҩаԥысит ҳәа иазгәеиҭеит. Ихадоу азҵаарақәа иреиуан ҩбаны атәылауаҩра азҵаарақәа рҭышәынтәалара. Иара убас Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭақәа Ааигәа Мрагылара аҿы русеицура азҵаарақәа, ахәҭакахьала, Еиду Арабтәи Аемиратқәеи Палестинеи рҿы ирылацәажәеит.