Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аихамҩатә инфраструктура аиҭашьақәәыргылара, хара ицо адәыӷбақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, иара убас аидарақәа рыиагара амҽхак арҭаабара иадҳәалоу азҵаарақәа. Амшхәаԥштә зҵаараны иқәгылоуп афымцадәыӷба «Ласточка» амаршрут ацҵара. Аи азҵаара аӡбара азԥхьагәаҭоуп 2025 шықәсазы.
Апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара ашьҭыхра азԥхьагәаҭоуп иара убас Аҟәеи Шәачеи еимаздо амшынтә реисқәагьы рыла.
Иара убас ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьҭратә лшара ашьҭыхра азы аҳәаа иаԥну аинфраструтура аҿиара азҵаарақәагьы. Ахәҭакахьала, иазааҭгылеит аужьҭра-гәаҭаратә пунктқәа реиҭашьақәыргылареи атранспорттә хархәагақәа ргәаҭареи рышәҟәҭагалареи рзы ацәаҳәақәа рхыԥхьаӡара ацҵареи Ԥсоу аӡиас иху, уажәазы ахархәара змам автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылареи, уҳәа ирыҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.