Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы аиереи Виссарион (Аплиаа) аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа зегьы Анцәа иӡаахра амш рыдиныҳәалеит.
«Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит зегьы, иԥшьоу аӡы ацәыкәбарқәа цәеижьыла агәабзиара, агәамч, доуҳала ацқьара шәзаанагааит. Ари амш аҽны шәымҩақәа зегьы аатааит, шәыԥсҭазаараҿы иҟамлааит алахьеиқәҵара, агәкаҳара, абзиабареи агәыӷреи шәыгәқәа ԥхараны иҭалааит», – ҳәа ари аӡаахра аныҳәа аҵакы азгәаҭо иҳәеит аԥшьаҩы.
Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада «аӡы адоуҳа, амч ду амоуп, иԥшьоу аӡы ала Анцәа ихаҭа аԥсҭазаараҿы иҳахәо амчи алшареи ҳаиҭоит» ҳәа иазгәеиҭеит.
«Даараӡа акыр аҵанакуеит Анцәа ихаҵара. Уи иоуп ҳара ҳаԥсҿыхҩы. Анцәа ииҳәоз ала ҳхы мҩаԥаагалар, усҟан ауп аизҳазыӷьара анҳауо», – ҳәа иҳәеит иара.