Аиашахаҵаратә дин ныҟәызго иазхарҵоит аӡы адоуҳатә мчы ду шамоу, убри аҟнытә Анцәа аҽӡаахрала цәежьылеи доуҳалеи аҽрыцқьара шрабжьигоз. Иара убас иԥхьаӡоуп Аӡаахрала ауааи Анцәеи ажәҩани еиҳа еизааигәахоит ҳәа.
19.Ажьырныҳәа.2024
Иаса Қьырса аӡы иӡаахра амш иазкны Каман иҟоу Ацқьа Василиск иӡыхь аҿы аҽӡаашьра мҩаԥысит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа аӡыԥшьара аныҳәара рхы аладырхәит. Уи мҩаԥигеит Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ аигумен Игнати (Киут), Иара еизаз зегьы аҭынчреи ахирреи рзеиӷьаишьеит.
Анцәа имҵаныҳәара ашьҭахь аԥшьаҩы аџьар аӡы иӡааиргылеит. Убри инаркны аӡы ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, адин ныҟәызго зегьы хынтә-хынтә аӡы рыҽӡааршьит.