Амаининг аппаратқәа рымхра мҩаԥыргеит. Ари аус азы аматериалқәа зегьы аҳазалхратә усеилыргарақәеи аҭҵаареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аофициалтә саит.
18.Ажьырныҳәа.2024
Аҳазалхыҩцәа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа «Ешыра» аԥыԥшырҳа аҿы акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа 10 рымхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ахархәарала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа «Ешыра» аԥыԥшырҳа аҿы автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит. Амашьына аидараҭра аҿы ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа 10.