Аслан Бжьаниа адырра иҭан арратә комиссариатқәа русуразы.
Атәылахьчара аусбарҭа ахада хазы дазааҭгылеит аррамаҵзура аусзуцәеи ауаажәларреи аматериал-техникала реиқәыршәара азҵаара.
«Аҵыхәтәантәи 13 ш. рыҩныҵҟа раԥхьаӡакәны арратә маҵзурауааи атәылауаҩратә усзуҩцәеи руалафахәы шьҭыхуп, бжьаратәла 64%.
Аԥсны Аҳәынтқарра Ахада иҟаиҵаз ақәҵарала, авиациатә гәыԥ иаҵанакуа аррамаҵзурауааи ауаажәларратә усзуҩцәеи ирзоужьуп 700000 мааҭ.
2023 шықәса рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи арратә цхыраареи амобилизациатә ҽазыҟаҵареи ирзоужьын 100 млн.мааҭк», - иҳәеит Владимир Ануа.
Адҵаҟаҵаҩхада адырра иҭан арра-ҳаиртә мчқәа рҭагылазаашьазы аинформациа. Аԥсны Арратә мчқәа рыштаб хада аиҳабы В.Савсченко иажәақәа рыла, Арра Ҳаиртә Мчқәа, ҷыдала, авертолиотқәа рзы бжьаратәла арҿеиратә усурақәа мҩаԥган. Аибашьыгатә ҳаирпланқәеи авертолиотқәеи рыҟны абылтәы аппаратурақәа жәпакы рҿыцын.
«Аҵыхәтәантәи аԥырра-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан зегьы еиқәшәаны аус руан», - иҳәеит Аштаб хада Аиҳабы.
«Сара ажәа шәысҭахьан сҩызцәагьы саргьы Арратә Ҳаиртә Мчқәа рыштаб ҳшаҭаауазы. Иазгәаҭоу апланқәа инарықәыршәаны, иахәҭоу абылтәы азҵаара ӡбахоит. Ҳарҭ аҭагылазаашьақәа зегьы аԥаҳҵоит аԥырратә еилазаара акгьы рыгымкәа иахәҭоу аԥыррақәа рымҩаԥгаразы», - иҳәеит атәыла Ахада.
Ахада атәыла атәылахьчара аминистрра аҿаԥхьа иқәиргылеит ашәарҭадара арӷәӷәара иазку ауснагӡатәқәа жәпакы, иара убас русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа ҳҳәынҭқарразы ихадароу институтк аҳасабала иахәҭоу ацхыраара анаҭалоит»,-иҳәеит Ахада. Иазгәеиҭеит арратә зыҟаҵараҟны зегь иреиӷьӡақәоу ралкаара асистема ашьақәыргылара игәы ишҭоу.
«Ҳарҭ арбџьар мчқәа рхыԥша шьҭаҳхроуп. Ҳара иҳамоуп аспециалистцәа ҿарацәа - арратә ԥырҩцәа. Ицәгьамызт урҭ азгәаҭазар. Ҳара ҳаҟны идмырҽхәо дарбан, аха Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыда», - иҳәеит Ахада Аслан Бжьаниа.
Аусуратә еиԥылара иалахәын Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рштаб хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Владимир Савченко.