Аилацәажәара ашьҭахь Аилак алахәылацәа иарбоу азакәан апроектқәа аҩбатәи аԥхьараҿы адкыларазы Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент иааиуа асессиа аилатәара ахь ацәыргаразы аӡбамҭа рыдаркылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Арепатриациа Афонд 2024 шықәсазы абиуџьет азы», «1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рбиуџьетнҭыҵтәи аҳәынҭқарратә Фонд 2024 шықәсатәи абиџьет азы» азакәан апроектқәа ирылацәажәеит ашәахьа, жәабранмза 5 рзы абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аҿы.
Аилак ахантәаҩы Дмитри Маршаниа имҩаԥигоз аилатәара ахь ааԥхьара рыҭан асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рбиуџьетнҭыҵтәи аҳәынҭқарратә Фонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Арепатриациа Афонд ахантәаҩы Енвер Чамагәуа.
Аилацәажәара ашьҭахь Аилак алахәылацәа иарбоу азакәан апроектқәа аҩбатәи аԥхьараҿы адкыларазы Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент иааиуа асессиа аилатәара ахь ацәыргаразы аӡбамҭа рыдаркылеит.