Анаҩс, Аҳәынҭқарра Ахада аусуратә ҭыԥқәа раԥҵара азҵаарагьы шьҭихит. Уи иажәақәа рыла, иарбоу ахырхарҭала имариам аҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟоуп, ари ахырхарҭала иҟоу аҭагылазаашьа мариаӡам. «Акыршықәса раахыс 45 000 усуратә ҭыԥ ҳзырхымсит. Иахьазы атәылаҟны 120 000 –ҩык рҟынӡа ыҟоуп аусура зылшо ауаа. Ҳара иаԥаҳҵароуп 50 нызықь рҟынӡа аусуратә ҭыԥқәа».
«Ҳара ҳусура ҳмырӷәӷәар, аекономикатә суверенитет ашьақәыргылара ҳалшаӡом», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа уаанӡа аасҭа еиҳа еиӷьу атемпқәа рыла аҿиара иаҿуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убри аан уи арегион атранспорттә еиқәыршәара еиҳа ахшыҩзышьҭра аҭатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.