Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә аан Лыхны ақаҭан ирыԥшааит Џьениа Даур Виктор-иԥа итәыз амаининг-ферма. Иаҿыхны иргеит 52 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.
Дәрыԥшь ақыҭан ирыԥшааит Тәанба Амиран Мераб-иԥа итәыз 20 маининг аппаратқәа.
Џьырхәа ақыҭан Бебиа Амиран Заур-иԥа итәыз 10 маининг аппаратқәа рыԥшааит.
Ԥсырцха ақыҭан азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирыԥшааит иагьаҿырхит Арӡынба Альбина Гарри-иԥҳа илтәыз 35 маининг аппаратқәа.