АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жәабран.2024

2023 шықәсазы Амилаҭтә шәаратә система АԤРА аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа рзеиԥш мҽхакы 35 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса аихшьаалақәа рыла, Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә шәаратә система АԤРА аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа рзеиԥш мҽхакы  34,8 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи 15% (4,6 млрд. мааҭ) рыла 2022 шықәсазтәи арбага еиҳауп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Амилаҭтә Банк аофициалтә саит.

Имҩаԥгаз аоперациақәа  рыструктура аҿы  АԤРА ахсаалагақәа рыхәҭаахь иақәшәоит 14,2 млрд. мааҭ, АМР ахсаалагақәа рахь  – 11,6 млрд. мааҭ,  Амультисервистә шәаратә Система (МПС)  –  9 млрд. мааҭ.

Абанктә хсаалагақәа рыла Аԥсны ахәаахәҭра-сарвистә наплакқәа рҿы  ашәаратә операциақәа рымҩԥгара амҽхак 2023 шықәсазы 33% рыла иазҳаит. Убас ала уи  12,5 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  Ахсаалагақәа МИР ала ареспублика аҿы имҩаԥыргаз ашәарақәа  рзеиԥш еицҵалыҵ 6,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Амультисервистә шәаратә Система (МПС) ахсаалагақәа рыла - 5,6 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, 868 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит Аԥсны атәылауаа АԤРА ахсаалагақәа рыла инарыгӡаз инапынҵадоу ахшәаарақәа рзеиԥш еицҵалыҵ.  

Есышықәса ахсаалагақәа АԤРА ала Аԥсны анҭыҵ имҩаԥгахо ашәаратә операциақәа рымҽхак азҳауеит. 2023 шықәсазы апартниортә шәаратә система аинфрастуктура аҿы инагӡоу аоперациақәа  рзеиԥш еицҵалыҵ 118 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи аизҳара иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 40% рҟынӡа инаӡеит.

Урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалагақәа рҟынтәи Аԥснытәи АԤРА «World» ахь  аҳәаанырцәынтәи Аԥсныҟа аԥарақәа рыиагара (P2P) амҽхак 2022-тәи ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 100 млн. мааҭ реиҳа иазҳаит, убас ала уи 251 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Иазҳаит иара убас асистема «Contact» ала аԥарақәа рыиагара амҽхакгьы - 29,8 млн. мааҭ рҟынтәи  (2022ш.) 45 млн. мааҭ рҟынӡа 2023 шықәсазы.                      


Read 195 times - Асабша, 10 Жәабран 2024 16:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.