Актәи аԥшырҭатә плошьадка ареставрациа азы аусурақәа хацыркын иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс лаҵарамза анҵәамҭазы. Апроект ахарџьынҵа 9,5 млн. мааҭ иреиҳауп.
Асҭамыр Ԥиԥиа ишеиҭаиҳәаз ала, аԥхьанатә аҭыӡқәа зегьы иажәыз ашьыхи ашәыгеи рҟынтәи ирыцқьан. Анаҩс аусурақәа рымҩаԥгараан иԥсахтәыз адекор аелементқәа аарԥшын.
«Абаркьылкаламқәа, аҳамԥтә хәҭа, абаҟәқәа рырҭәра азы ацәаҟьақәа ҟаҵан. Ҿыц еиҭашьақәыргылахаз рацәоуп», – ҳәа еиҭеиҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.
Иара иазгәеиҭеит, аԥшырҭатә плошьадка акомплекс аханатә ишыҟаз иаанҳажьит. «Ҳара ақалақь Ахадара архитектура аҟәша ахь ҳадҵааланы ахыргьагьа аԥштәыс иаҭатәу атәы еилаҳкааит», – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.
Аҩычаратә усурақәа амшцәгьақәа ирыхҟьаны маҷк ҳадхалеит.
Афонтан акәзар, уаҟа уажәы ҿыц ирҭәаз амаҭәахәқәа рышьақәыргылара мҩаԥысуеит. Аусурақәа рхыркәшара лаҵарамзазы иазԥхьагәаҭоуп.
«Афонтан ахь аӡы анагара алыршоуп. Ҳара аӡрыцқьагақәеи аӡхагалагеи ахьышьақәыргылахо амонолиттә техникатә хыбра ҳаргылеит. Уи улаԥш аамхо адгьыл иҵаргыланы иҟаҵоуп», – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.
Афонтан ареставрациа ахарџьынҵа – 3,5 млн.мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ари аицҵалыҵ афонтан аҭахкаара азы ахарџьгьы алоуп.