Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апоет, арккаҩы дуӡӡа, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара иазкны жәабранмза 21, 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп.
Асааҭ 11.00 рзы – Дырмит Гәлиа ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара (Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿаԥхьа асквер аҿы).
Асааҭ 11.20 рзы – Дырмит Гәлиа игәалашәара иазкны аныҳәатә митинг.
Асааҭ 13.00 рзы – Аԥсны арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәеи аҵараиурҭақәа рҟынтәи аҿари алархәны агәалашәаратә хәылԥазы (Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Д. Гәлиа Илитература-мемориалтә музеи)
Асааҭ 13.00 рзы – «Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара» (Н.Лакоба ихьӡ зху Абжьаратәи Ашьхарыуаа рышкол №10).
Асааҭ 14.00 рзы - Амузыкалтә-сахьаркыратә композициа (А.С. Пушкин ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №2).
Аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәоуп Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә Комиссиа ала.