«Актәи аетап аҿы иҟаҵатәын «Кулебиака по-московски» ҳәа изышьҭоу ачыс. Иаабац Аҟәатәи ҷкәынак ари аҩыза ачыс хкы аҟазаара атәы абаиаҳарыз? Ари аҭагылазаашьа, ус иуҳәар ҟалозар, уамак иманшәаланы иҟамызт. Арецепт ыҟамызт. Араҟа сара ашеф Константин Ивлев иабжьгарақәа, сыпрофессионалтә интуициа, иара убас сфантазиа сыхәеит», - ҳәа иҳәеит иара.
Анӡор ишазгәеиҭаз ала, иара абри-абриоуп ҳәа еиҳа ҷыдала бзиа иибо ҳәа џьара акы алкааны ачысхкы изалхӡом.
«Сара еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рыклассикатә чысхкқәа бзиа избоит. Иаагозар, Италиа — уи карбонара ауп, Франциа – рататуи, Аԥсны – жәаҳәарада абысҭа», - ҳәа игәаанагара иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, апроект аҿы иара раԥхьа ӷәӷәала игәы хыҭхыҭуан.
«Авидео аҿы иубоит раԥхьатәи сықәгылара аҿы ӷәӷәала сгәы шыхыҭхыҭуаз, уимоу, џьара-џьарагьы маҷк сажәа еилагон, аха нас сҽааидыскылан, ус-ус зегьы сықәманшәалахо иалагеит», - ҳәа игәалаиршәеит ачысҟаҵаҩ.
Анӡор, ари апроект аҿы алахәхара мацара иара изы акырӡа аанагоит ҳәа иазгәеиҭеит. Иара ифиналтә ажәахә аԥснытәи ачысҟаҵаҩцәа ирзикит.
«Ҳаҷкәынцәа лассы-лассы мыцхәы аҽынкылара аарԥшуа ахӡыргара иацәыԥхашьоит. Еиҳау, еиӷьу џьара акы ахь акылсра ашьҭазаара хымԥадатәиуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Анӡор иара еихьӡара знапы адызкылаз зегьы, иара убас акиностудиа «Медиа» аҭыхратә гәыԥ зегьы иоуз ацхыраареи ҷыдала агәцаракреи рзы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа реиҳәоит.