Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иаанкылан автомашьына. Уи ала изакәанымкәа амаининг азы амаруга аиагара рҽазыршәон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аԥыԥшырҭа аҿы аҳазалхратә гәаҭара амҩаԥгараан иаанкылан Аԥсныҟа иаауаз амашына лас VOLKSWAGEN POLO.
Игәҩарахаз автомашьына аҳазалхра аусзуҩцәа амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахысразы идәықәырҵеит.
Аидараҭыԥ аҩныҵҟа аԥсахгатә агежь аиагаразы иҟоу аҵыга аҿы ирыԥшааит аелектронтә маругақәа: ихәаԥштәылоу аиха иалху хә-кәалаԥк аенергиа ахыҵхырҭақәа ацны. Иабоу аиқәыршәагақәа акриптовалиута амаининг азы асистемақәаны иҟоуп.
Атауар изтәыз ирымхуп, аиқәышәагақәа рыхкқәа аекспертизаҟа идәқәҵоуп. Административтә зинеилагаразы аусеилыргара ахацыркразы аӡбамҭа рыдыркылараны иҟоуп.