АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Жәабран.2024

Жәабранмза 21 азы – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иира Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Жәабрамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 21 – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа (21.02.1874 – 07.04.1960 шш.) иира Амш ауп.

Иахьа, Аҟәа ақалақь, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асквер аҿы ашәҟәыҩҩы иҳаҭгәын аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  

Дырмит Гәлиа дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи, арҿиаратәии анаукатәи аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, ауаажәларра.

*** *** Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, арккаҩы, аҵарауаҩ, абызшәадырҩы Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы анхаҩы Урыс Гәлиа (Урыс — Дырмит иаб Иасыф аҩнытәи ихьӡ акәын — аред.) иҭаацәараҿы, Гәылрыԥшь араион, Уарча ақыҭан. Дырмит Гәлиа ихаҭа абас игәалаиршәон урҭ ахҭысқәа: «Маан зыжәлаз ҭауадк ҳгәараҿы иманы дааит аҭырқәа аскерцәа — асолдатцәа. «Абарҭ ықәҵып ҳәа ргәы иҭаӡам», - иҳәеит. Аскерцәа ҳаҩны амца нацраҵаны ирыблит, ҳара амшын агаҿахь, аҭырқәа ӷба ахьыхгылаз ҳрыманы идәықәлеит. Сара усҟан ԥшьышықәса схыҵуан. Снапаҿы искын ахәмарга-флыка, егьи снапала санду Фындық лнапы скын».

Анаҩс, арҭ ахҭысқәа ипоема «Сара схәышҭаара» аҿы дрыхцәажәоит.

Ҭырқәтәылаҟа амҩа иахьынӡақәыз Гәлиа иҭаацәара изныкымкәа аԥсра ахықә иқәгылахьан, аха егьа уадаҩра шырхыргазгьы, Трапезунд аҟәара инхықәгылеит. Ухаҿы иузаамго, иуадаҩыз аҭагылазаашьа иақәшәеит аҭаацәара: фатәы-жәтәы рымамызт усгьы, рхы ахьныҵаркышаз хыбрагьы ыҟамызт. Ирыцхраауан  аҭырқәа ԥсыӡкыҩцәа ӷарқәеи, дара раԥхьа арахь иқәнагалахьаз аԥсуааи. Дырмит иаб Ҭырқәтәыла дыҟанаҵ Аԥсныҟа ахынҳәра дазгәышьуан, уи игәҭакы дацәхьаҵуамызт зынӡаскгьы. Убас, аԥсыӡкыҩцәа рнышь хәыҷы иақәтәаны ишынҭаацәаз зегьы мшынла Рыԥсадьгыл ахь идәықәлеит. Аԥхьа Баҭымынӡа инаӡеит. Араҟа, амҩа иацыз ауадаҩрақәа рызхымгакәа иԥсуеит Дырмит иашьеи иаҳәшьеи еиҵбацәа. Аха шьҭахьҟа мҩа ыҟамызт, рымҩа иацырҵеит. Аурысцәеи аҭырқәцәеи рыӷбақәа Гәлиаа рнышь аихсра ишаҿызгьы, аҭаацәара Аԥсны аҟәаранӡа инаӡеит, Рыԥсадгьыл ршьапы ықәдыргылеит.

Урыс Гәлиа азин ирымҭеит иқыҭа гәакьаҿ анхара, убри аҟнытә Кәыдры аӡиас-нырцә —Аӡҩыбжьа ақыҭа нхарҭа ҭыԥс иалихуеит. Гәлиа шықәсқәак аҵара иҵон аҭыԥантәи апап иҟны, уи ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол, ҷыдала аԥсуа хәыҷқәа рзы 1963 шықәсазы иаадыртыз. Амала, уи иаразнак даанамхәеит, избан акәзар еиҳарак ашкол аҟны ирыдыркылоз ҭауади аамысҭеи рхәыҷқәа ракәын. Аха Дырмит иаб ари аус иҽадицалеит: иҷкәын ашкол иҭаҵаразы хышықәса инеиԥынкыланы ашәҟәқәа алаиҵон.

Аҟыбаҩ бзиа злаз аҵаҩы иаразнак илаԥш дыҵашәеит арҵаҩы Давид Аџьамов, анаҩс Дырмит дгәеиҭеит ашкол ахылаԥшҩы Константин Маҷавариани. Арҭ аҩыџьа имаҷымкәа аџьабаа рбеит Дырмит хәыҷы иажәақәа рыла ажәлар рлакәқәа ақьаад ахь риагаразы, анаҩс урҭ кьыԥхьын «Кавказ аҭыԥқәеи, урҭ ирықәынхо ажәларқәеи ирызку аматериалқәа» ҳәа хьӡыс измаз аизга аҟны.

Константин Маҷавариани иқәыԥшыз Дырмит иԥсҭазаараҿы инаигӡоз ароль даара акраҵанкуан. Иара иоуп раԥхьаӡа акәны Дырмит иизырбаз аԥсуа алфавитқәа: абызшәадырыҩ ду Пиотр Услар еиқәиршәази, иара убасгьы Бартоломеи ианбаншәҟәи. Маҷавариани иоуп Гәлиа иазҳәаз Аԥсны аҭоурых аҭҵаара иашалагатәу, иҟоу адыррақәа егьа имаҷзыргьы, ари аус шхацырктәу. Иҟалап, убасҟан акәзар Дырмит Гәлиа раԥхьаӡатәи Аԥсны аҭоурых ашәҟәы аҩразы агәҭакы анизцәырҵ. Аамҭак ашьҭахь уи аидеиа аԥсҭазаара аиуит, иара ииҩыз «Аԥсны аҭоурых» ҭыҵуеит 1925 шықәсазы.

1889 шықәсазы, 15 шықәса зхыҵуаз Дырмит Гәлиа дҭалоит Гори иҟаз Кавказнхыҵтәи арҵаҩратә семинариа. «Араҟа сара аҵара сҵон ԥшьымз, аха исыхьыз аршра (атиф) иахҟьаны асеминариа сыҭцан. Асеминариа анапхгара иҟанаҵаз адҵаҿы ианырҵеит «асеминариа аҵаҩы Дырмит Гәлиа аҭыԥантәи аҳауа, ҳәарада, инаалом» ҳәа. Абри ала сышколтә ҵара хыркәшан, анаҩс рҵаҩцәас исзыҟалеит ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи», — хәа иҩуеит иара иавтобиографиаҿы.

Аԥсны игәараз ачымазара бааԥсы «испанка» иахҟьаны иани, иаби, иандуи аниԥха ашьҭахь, Дырмит аҩны, анхамҩа аныҟәгара иадҳәалаз аџьабаа зегьы ихәда иқәҳаит, аха раԥхьаӡа иргыланы, еиҳабык иаҳасабала иара иуалын иашьеи иаҳәшьеи рааӡара. Игәы камыжькәа еиҵбацәа иааӡеит, ршьапы иқәиргылт. 17 шықәса анихыҵуаз, уи екстерн ҳасабла аԥышәарақәа иҭиуеит, иагьихырҵоит жәлар рырҵаҩы ҳәа ахьӡ. Убри инаркны иалагоит Дырмит Гәлиа иуаажәларратә, ирҵаҩра-рҿиаратә усура ду. 

Дырмит Гәлиа  акыр шықәса рҵаҩыс аус иуан еиуеиԥшым ақыҭа школқәа рыҟны. Нас Очамчыреи Аҟәеи ақалақьқәа рҿы ҭырџьманс дыҟан. Дырмит Гәлиа Ашьхарыуаа рышкрл, аҳәса ргимназиа, арҵаҩратә семинариа, уҳәа Аҟәа ақалақь аҿы иҟаз аҵараиурҭақәа жәпакы рҿы аус иуан, ахәыҷқәа аԥсшәа дирҵон.  Арҭ ашықәсқәа раан, иналаршә-ааларшәны акәзаргьы, напы аиркит ажәеинраалақәа рыҩра. Иара ақыҭақәа дрылаланы еимидон, иҵон ижәлар рбызшәа, рыбзазашьа, рқьыбзқәа, рҵасқәа.

1890 шықәсазы, аԥсуа бызшәа ззымдыруаз, аха аметодика аганахьала Дырмит ацхыраара изҭоз Константин Маҷавариани иаԥшьгарала, Гәлиа напы аиркуеит аԥсуа нбаншәҟәы аиқәыршәара. Аха уи азы, акириллицала иаԥҵаз Услари Барҭоломеи ралфавитқәа реиӷьтәразы имаҷымкәа аус рыдулатәын. Ус шакәызгьы, 1892 шықәсазы аԥсуа хәыҷқәа ироуит рхатәы бызшәала  аҵараҵаразы алшара. Убас, 17 шықәса зхыҵуаз Аӡҩыбжьатәи арԥыс Дырмит Гәлиа аԥсуа кульутра аҿиара аус аҿы хәы змаӡам алагала ҟаиҵеит.

Дырмит Гәлиа илитературатә усура далагеит ХХ ашәышықәса раԥхьатәи ажәашықәса аҽеиҩшамҭазы. Уи аамаҭа иатәу раԥхьатәи иажәеинраалақәа, лымкаала «Хоџьан Ду» ажәлар даараӡа иргәаԥхеит, ирылаҵәеит.

1912 шықәсазы Тифлис иҭыҵуеит аԥсышәала иҩыз раԥхьаӡатәи ашәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи», уи авторс даман Дырмит Гәлиа.

Актәи ашәҟәы инашьҭарххны 1913 шықәсазы Дырмит Гәлиа  иҭижьит аҩбатәи ишәҟәы – «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы». Ари аҩымҭа аԥсуа сахьаркыратә поезиаҿы алирикатә поема ажанр иалагамҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. 1918 шықәсазы Дырмит Гәлиа иҩуеит ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа». Дырмит Гәлиа игәалашәарақәа рҿы ишиҩуаз ала, ҽынла ашкол аҟны аус иуан, уахынла аҩымҭақәа иҩуан, Аԥсны аҭоурых ашәҟәы аус адиулон, аматериалқәа еидикылон.

Дырмит Гәлиа амилаҭ рыхдырра ашьҭыхразы, ажәлар реидкыларазы агазеҭ еиԥш иҟоу акьыԥхьтә ҭыжьыҭа аҵак ду шамоу шьахәлаҵәҟьа еиликаауан. Убри азы иара иааиҵагылаз аӡәык-ҩыџьак иҩызцәеи аҿари ицырхырааны, аҭыжьра напы аиркит раԥхьаӡатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» (1919-1021шш.).

Агазеҭ актәи аномер ҭыҵит жәабранмза 27, 1919 шықәса рзы.  Дырмит Гәлиа агазеҭ аредактор Хадас дҟылеит. Ари агазеҭ жәаҳәарада асахьаркыратә литература ашьақәыргылараҿы, ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реиҵааӡараҿы акыр иҳаракыз ароль нанагӡеит. Хара имгакәа, Дырмит Гәлиеи егьырҭ аԥхьгылара зманы иҟаз аӡәык-ҩыџьак аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәеи ирыбзоураны, агазеҭ «Аԥсны» адемократиатә хырхарҭа змоу, аџьажәлар ринтересқәа зыхьчо, апрогрессивтә газеҭны иҟалеит. Аԥсны Асовет мчы анышьақәгыла,  агазеҭ иахьӡхеит «Аԥсны Ҟаԥшь».

Раԥхьаӡатәи аԥсуа театр аиҿкаара аус аҿы, Дырмит Гәлиа иԥылеит аилыхарақәа рацәаны. «Аԥсуа театр аира» ҳәа истатиаҿы иара иҩуан: «Зда ҳхәарҭам ари аус ду бзиа аҟаҵараҿы ҳзықәшәақәаз ауадаҩрақәа реилкааразы идыртәуп акы: аԥсуаа ԥаса ахаангьы ирмруцызт рхатә театргьы, рхатә  пьесақәагьы, рхатә артистцәа аҳәса моу ахацәа иреиуазаргьы». Абарҭқәа зегьы ҿыц реилкааразы Дырмит Гәлиа ҩ-напыкла икны далагеит аусура. Хара имгакәа уи еидикылеит гәыԥҩык аҵара змаз аԥсуаа ҿарацәа.

Дырмит Гәлиа иоуп Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы еиҿызкааз раԥхьатәи адраматә кружок «Ашаеҵәа». Дырмит Гәлиа иаԥшьгаралоуп 1921 шықәсазы иаԥҵаз раԥхьатәи аԥсуа театртә труппа Аԥсны ақыҭақәа рҿы ақәгылара ишалагаз. Урҭ ррепертуар азы иаарццакны аурысшәеи ақырҭшәеи рҟынтә аԥсшәахь еиҭеигахьан акыр аводевильқәеи, иара убасгьы апиеса «Наунагӡа ахақәиҭра!». Гәлиа ихаҭа ишигәалаиршәоз ала, «адраматә труппа ақыҭақәа рҿы рықәгыларақәа ныҳәак иаҩызан». Апиесақәа равторс, ррежиссиорс, уимоу рсуфлиорсгьы иҟаз арҵаҩ қәыԥш Дырмит Гәлиа иакәын.

1924 шықәсазы Дырмит Гәлиа днаԥхьан Қарҭтәи (Тифлистәи) ауниверситет ахь аԥсуа бызшәа иазкны алекциақәа рыԥхьаразы.  1924-1926 шш. Қарҭ иусура ашықәсқәа раан Дырмит Гәлиа Қарҭ дшыҟаз «Аԥсны Аҭоурых» аҩра далагеит. Араҟа уи еиҳа изымариан ииҭаху алитература аԥшаара, архивқәа, аҵәахырҭақәа рҿы ишьҭоу ахыҵхырҭақәа реилкаара, насгьы иара дрылагылан аԥышәа ду змаз, ҷыдала иазыҟаҵаз анаукатә усзуҩцәа дуқәа. Урҭ рыҟнытә уи иоур илшон анаукатә консультациақәа, аиҩызаратә цхыраареи абжьгарақәеи.

Жәытәнатә аахыс Аԥсны иазкны иҟаз адыррақәа, иара убас аетнографиатә, афольклортә, алингвисттә материалқәа ихы иархәаны, Дырмит Гәлиа аԥсуа жәлар иаку аҭоурых азы адыррақәа зегьы реизакра иҽазишәеит. Дырмит Гәлиа анаукатә усумҭақәа маҷымкәа ирзикит аԥсуа жәлар ретнографиа азҵаарақәа - аԥсуа жәлар рдоуҳатә, рдинхаҵаратә, рҭаацәаратә бзазара аилкаара. Дырмит Гәлиа инаукатә ҭынхаҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит уи ишәҟәы «Аԥсны аҭоурых» (актәи атом 1925ш.). Ари аусумҭа азкуп ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳара ҳера ажәабатәи ашәышықәсанӡа аԥсуаа рҭоурых аилкаара. Ари ашәҟәы аҿы автор еизигеит еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҟынтәи иааигаз Аԥсни аԥсуааи ирызку адырраҭарақәа. Насгьы еидикылаз аҩыратәи, абызшәатәи, аетнографиатәи аматериалқәа ихы иархәаны иҽазикит аԥсуаа рхылҵышьҭра аилкаара. Ҵабыргуп, аԥсуаа Египетынтәи, хықәкыла Абисиниантәи иааз жәларуп ҳәа Дырмит Гәлиа усҟан иҟаиҵаз алкаа (агипотеза) иахьа уажәазы анаукаҿы ишьақәырӷәӷәоу теорианы иҟам, аха аус злоу уи акәӡам. Автор ихаҭа ишиҳәоз ала, «Аԥсны аҭоурых» ус днадыххыланы ииҩыз усумҭаӡам.  Уи иара жәашықәса инарзынаԥшуа аус адиулон.   Ашәҟәы ҩны далгеит 1922 шықәса анҵәамҭазы. Автор ихаҭа абас иҳәон: «Ари аусумҭа аҿы хықәкы хадас иҳамаз, аԥхьаӡа инаргыланы, аҟазацәа, анаука аусзуҩцәа аԥсуа бызшәеи аԥсуадырреи рыхшыҩ азышьҭра, ирызҿлымҳаны рыҟаҵара акәын. 

Анаҩстәи ашықәсқәа рзы Дырмит Гәлиа имаҷымкәа инапы иҵихит  аҭоурых, алингвистика, аетногрыфиа, уҳәа ирызку анаука-теориатә интерес змоу аусумҭақәа. Урҭ иреиуоуп «Аԥсуа календарь» (1920ш), «Ажәеиԥшьаа -аԥсуаа рҿы ашәарыцара анцәахәы. Ашәарыцацәа рбызшәа» (1926ш.), «Аԥсуаа рҿы аџьмашьтәа аҵаныҳәара», «Амш зеиԥшрахо азы жәлар разгәаҭарақәа» (1928ш.), «Аԥсуа грамматика иазку аматериалқәа», «Атерминологиатә жәар» (аурыс бызшәантәи аԥсшәахь), «Аԥсуа бызшәа аорфографиа», уҳәа убас ирацәаны. 1921 шықәса инаркны 1930 шықәсанӡа Дырмит Гәлиа аиҳарак инапы злакыз аԥсуаа рҭоурых, ретнографиа, рфольклори рбызшәеи рыҭҵаара акәын.  Аетнографиа азы аусумҭақәа рзы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа ахьӡала 1937 шықәсазы Дырмит Гәлиа ианашьахеит аетнографиатә наукақәа ркандидат ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Иара убри ашықәсан иара ихҵан Аԥсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.  1940-1950 шш. рзы  Дырмит Гәлиа  апоет иаҳасабала деицырдыруа дҟалеит. Еиҳа бзиа иибоз, дыззаҭгылоз теман иҟан иара ижәлари иԥсадгьыли. Урҭ ирызкуп  ипоемақәа «Ҭагалан ақыҭан» (1947ш.), «Сара сықалақь» (1952ш.), «Ашьха аира» (1951ш.), хыԥхьаӡаа рацәала ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа.

Дырмит Гәлиа ирацәаны ажәеинраалақәа иҩит 1941-1945шш Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа рзы.  Уи ипоезиаҿы апатриотизм аидеиақәа хадара рыман. Асовет уаа усҟан иаадырԥшыз афырхаҵара иахҳәааны уи иаԥицеит имҷымқәа аҩымҭақәа – ажәеинраалақәа, апоемақәа. Иаҳҳәап: «Ԥхьаҟа, мраҭашәарахь», «Иааигәоуп аамҭа ахьырхәразы», «Ҳара ҳ-Кавказ», «Ахаҵа-ихаҵа», уҳәа убас егьырҭгьы. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы аибашьра афырхацәа, иара убас аҭынч ԥсҭазаара аарԥшра   ирызкны хыԥхьаӡара рацәала аҩымҭақәа аԥиҵеит. Дырмит Гәлиа ааԥсарак ҟамҵа ихы аус адиулон.  Иара ирҿиамҩа аҵыхәтәантәи апериод азы иаԥиҵеит имаҷымкәа ажәеинраала ҟаимаҭқәа: «Аусураан ашәаҳәара», «Шарԥыиаҵәа», «Ашьха аира», «Ахьча иашәа», «Аиниара», «Абнахҿаҩы», «Аӡиас»,, «Ҳтәыла ахьчаҩы», «Сара сықалақь, «Сара стәыла», «Ҳара ҳқыҭаҿы», «Ауаҩы», «Ашьхақәа рҿы», уҳәа убас егьырҭгьы.

Аинтерес аҵоуп Дырмит Гәлиа иҿыцу аԥсуа сахьаркыратә проза аҿиара аҿы илагала. Иара ипоезиатә рҿиара еиԥш ипрозагьы ахыҵхырҭас иамаз афольклор ауп – ажәлар рҳәамҭақәа, ажәаԥҟақәа, алакәқәа, урҭ зегьы Дырмит Гәлиа даара бзиа ибон шьахәлаҵәҟьагьы идыуан. Дырмит Гәлиа апроза аус адулара далагеит 30-тәи ашықәсқәа рзы, усҟан иара икалам иҵыҵит шәкы инарзынаԥшуа ажәабжь кьаҿқәа. 1919 шықәсазы Дырмит Гәлиа раԥхьаӡа иҩит  аԥсуа сахьаркыратә проза арҿиамҭақәа ирылаҳәҳәо аԥсышәала ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа». «Камаҷыҷ» — Дырмит Гәлиа ипрозатә ҩымҭақәа рҟынтә зегь реиҳа ихадоу аԥҵамҭоуп. Алитературадырцәа уи аҩымҭа жанрла ароман иахырԥхьаӡалоит. Ари аҩымҭа Дырмит Гәлиа аҩра далагеит 1933 шықәса рзы, хәышықәса аҩра даҿын, дагьалгеит 1940 шықәсазы. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ароман аҟны ӷәӷәала иуныруеит афольклортә естетика, иара убасгьы Гәлиа ахархәара рацәаны ирыиҭоит аетнографиатә материалқәа. Ирҿиамҭақәа иреиҳаӡоу аи ароман иахҳәааны, Дырмит Гәлиа иҳәон: «Сара уажәы аҩра сыҿуп аԥсуа ԥҳәыс лыԥсҭазаара аҟнытә ароман – «Камаҷыҷ». Ари сара ҷыдала исызгәакьоу темоуп, избанзар, уи садырԥхьалоит дара ажәлар рхаҭа, ибеиоу, еиуеиԥшым урҭ рфольклор схы-сгәы ианырит... » 1946 шықәсазы иҩыз апиеса «Анаурқәа» аҿы, Дырмит Гәлиа адраматург иаҳасабала ихы ааирԥшит.   Апиеса аҿы маҷк ада афольклортә материал ахархәара амоуӡеит, иалоу ахаҿқәа реизыҟазаашьақәа рҿы азеиԥш идеиатә пафос аҿы иубоит Горкии Чехови рлитературатәи рыдраматургиатәи атрадициақәа шаныԥшуа. Ишаабо еиԥш, Дырмит Гәлиа ирҿиаратә мҩа иаҵанакуа даара ирацәоуп. Аха, ҳәарас иаҭахыузеи, ҷыдара иазгәаҭатәуп уи иҟаиҵаз аԥсуа бызшәеи алитературеи ршьақәгылара, рырҿиара аус аҟны.

Дырмит Гәлиа иԥсҭазаараҿы инапы злакыз аусхкқәа шырацәазгьы, уи аԥхьаӡа иргылыны дпоетын. Апоезиа алоуп уи ирҿиаратә мҩа ахы шикыз. Дамеижьакәа, давамгылакәа иагьнегеит уи иԥсҭазаара аҵыхәтәанӡа.

«Жәлар рпоет», - ари апату ду зқәу хьӡуп, уи иреиӷьӡақәоу роуп изырҭо. Убас иҟақәоу дреиуан Дырмит Гәлиа. Ирацәаӡоуп уи ажәлар ирылихыз, ирҿиҵааз, аха дара ириҭазгьы қәнагала ашьара имариоу усым. Ихы дамеигӡакәа ажәла рзы аџабаа иибахьаз, аԥхӡы икаиҭәахьаз, дызхысхьаз, иҟаиҵахьаз, ирҿиахьаз зегьы баша аиқәыԥхьаӡарагьы акыр иуадаҩуп.

Дырмит Гәлиа аҵыхәтәантәи иԥсҭазааа ашықәсқәа рзы игәамбзиара акыр дшаргәамҵуазгьы, илақәа цқьа ишырымбозгьы, иара уеизгьы гәкажьрак ҟамҵа ишилшоз ала ажәреи ачымазареи иҽамҭакәа, аҵыхәтәан аԥсуа поезиа ахьтәы фонд иалалаз  ажәеинраалақәа рыҩра даҿын. Иара иажәеинраалақәа рҿы рыԥсы ҭаны иаацәыҵуеит амшын, аԥрақәа, ажәҩан, ашьхақәа, аиаҵәақәа, аҿыц ԥсҭазаареи уи иацу агәырӷьареи ахаҿсахьақәа, ирацәаны иҩхьан аразра згәылыжжо ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәагьы.     Дырмит  Гәлиа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ииҩыз арҿиамҭақәа рҟынтәи зегьы реиҳа идууп автобиографиатә поема «Сара схәышҭаара». 80 шықәса анихыҵуаз апоет иҩит абзиабара иазку иреиӷьу иажәеинраалақәа – «Амшын», «Аԥхыӡ», «Аҽыбӷаҟаза», 85 шықәса анихыҵуаз Дырмит Гәлиа иҩит аҵыхәтәантәи иажәеинраала  «Абырг иахь».

Дырмит  Гәлиа дравторуп аурыс, ақырҭуа, аукраинтәи, уҳәа егьырҭ алитературақәа  рырҿиамҭақәа аԥсуа бызшәахьы аиҭагамҭақәа.  Иара аԥсшәахь еиҭеигеит ажәытәӡатәи  аурыс литература абаҟа «Игор ир ирыхҳәаау ашәа», ақырҭуа поет Шьоҭа Руставели ирҿиамҭа дуӡӡа «Абжьас-цәа зшәу», аурыс поет дуӡӡа Алеқсандр Пушкин иажәеинраалақәа «Кавказ», «Апоет», «Сибраҟа», «Чаадаев иахь», Михаил Лермонтов ирҿиамҭақәа «Пушкин иԥсразы»,  Иван Крылов иажәааанақәа, аукраинатә шәҟәыҩҩы ду Тарас Шевченко иажәеинраалақәа, уҳәа убас аӡәырҩы.  

Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иԥсҭазаара далҵит мшаԥымзы 7, 1960 шықәса рзы Аҟәа ақалақь азааигәара Агәыӡера аҳаблаҿы дшыҟаз. 1963 шықәсазы аҟәатәи апарк аҿы агәилԥшшәы змоу амармалташь иалхны асахьаҭыхҩы-аскульптор  Гиви Рухаӡе ипроект ала иҟаҵаз абаҟа ргылан.  2000 шықәсазы авандализм акт иахҟьаны абаҟа ӷәӷәала ааха аиуит. 2009 шықәсазы уи аҭыԥан аскульптор Станислав  Иванба ипроект ала иҟаҵаз абаҟа ҿыц ргылахеит. Кавказтәи ауапа зшәу апоет исахьа змоу  аџьаз иалху абаҟа аграниттә постамент иқәгылоуп.   Агәалашәаратә мшқәа раан арахь иааиуеит аԥсуа поезиа абзиабаҩцәа, ауаажәларра рхаҭанакцәа.

Дырмит Гәлиа аҵыхәтәаны иҳәон абас: «Саахьаԥшны, сызхысхьоу амҩа саннықәыԥшлакь, гәахәарыла исҳәар сылшоит, сара сџьабааи сҩызцәа аԥсуаа рџьабааи баша имыӡит ҳәа: аԥсуа литература аԥсы ҭоуп, егьызҩыдоуп...» «Сара сыԥсҭазаара зегьы азкны сзышьҭаз аԥсуа литература агара илҵны избандаз ҳәа акәын. Избеит уи сара... »

 

 

 

 

 


Read 193 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.