АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Жәабран.2024

Аԥсны ахәшарҭәа «Белорусское луговое» аҭиразы аагареи аҭиреи рзы азин ыҟаӡам.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла Аминистрцәа Реилазаара «Ауааԥсыа ргәабзиара иаԥырхагахар зылшо аалыҵ Аԥсныҟа аагареи аҭиреи рганахьала ақәиҭымтәра алагалара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Ари ақәыиҭымтәра иаҵанакуеит ауаҩы игәабзиара иаԥырхагахар зылшо ҳәа иԥхьаӡахаз Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Чемпион» (ИНН: 3123375083, ОГРН: 1153123016837, Урыстәылатәи Афедерациа, Белгородтәи аобласть, ақалақь Белгород) иҭнажьуа ахәшарҭәа «Белорусское луговое».

Аҳәынҭстандарт, ареспубликатә Санитар-епидемиологиатә Станциа, иара убас Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадарақәа рҿы иҟоу Асанитар-епидемиологиатә Станциақәеи азԥхьанҵа рыҭоуп русдырра аҳәаақәа ирҭагӡаны абарҭ ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азы:

- ахәшарҭәа «Белорусское луговое» зҭиуа хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи иарбоу аалыҵ аҭира аанкылареи шьҭахьҟа аргьежьреи рзы азхьанҵа рыҭара;

-  иарбоу аалыҵ  алхра;

- иарбоу ахәшарҭәа ала ахәаахәҭра аарԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи рзы анаҩстәи апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа  рымҩаԥгара.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахәшарҭәа «Белорусское луговое» атәылаҟа аагареи аҭиреи рзы иалагалоу ақәиҭымзаара анагӡара ахылаԥшра аҭара азы  адҵа аҭоуп.

___ Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара дахцәажәеит аминистрцәа Реилазаара азинтә еиқәыршәара Аусбарҭа аусзуҩ Анри Ҷыҭанаа:

«Аԥыза-министр ихьӡала агәабзиарахьчара аминистр иҟынтәи Асанитар-епидемиологиатә Станциа имҩаԥнагаз агәаҭарақәа рзы аматериалқәа ацны, атәыла аҿы Аҳәынҭқарратә Стандарт (ГОСТ) анормақәа ирықәымшәо, насгьы афаразы зыдгалара ҟамло атауарқәа рыҭиара иадҳәалоу ахҭысқәа шаарԥшу атәы зҳәо ашәҟәы нашьҭын. Асанитар-епидемиологиатә Станциа аҿы иҟарҵо адррақәа рыла, хазхаҭалатәи ауаҩы иҟаиҵаз азашшра инамаданы иарбоу афатә аалыҵ агәаҭара азы анализ мҩаԥган. Уи  ари ахәшарҭәа ауаҩы игәабзиара иаԥырхагоу амаҭәашьарқәа алоуп ҳәа иаанарԥшит.

Асанитар-епидеиологиатә Станциа иара убас еиқәнаршәаз аматериалқәа рҿы, Урыстәыла аиуристтә хаҿқәа рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара ареестр ахь азхьарԥш ҟаҵо, иарбоу атауар аҭыжьҩы иаҳасабала иарбоу аиҿкаара 2020 шықәса раахыс иаԥыхуп ҳәа иԥхьаӡоуп ҳәа адырра ҟанаҵеит.

Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны, иарбоу аиҿкаара афатә аалыҵ аҭира џьара акала иадҳәалаӡамызт. Уи ихадоу аусура ахкқәа рахь иаҵанакуан ауасҭагақәа рҭыжьреи аргыларатә аиларшьшьқәа рыҭиреи мацара.   Иаԥырххьоу аилазаарала иҭыжьу ари аконтрафакт ааганы ҳара ҳҿы ирҭиуан.  Иарбоу афактқәа азхоит ари атауар ҳтәылаҿы ацәырҵра алмыршара азы.

Аминистрцәа Реилазаара азинтә шьаҭақәа зегьы амоуп (Аҳазалхратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 20, ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчареи ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә  ҭагылазаашьа  арманшәалареи рзы азакәанқәа) ақәиҭымзаара алагаларазы аӡбамҭа адгыларазы.

Асанитар-епидемиологиатә Станциеи Аҳәынҭстандарти ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргароуп, аобиектқәа зегьы рҿы инеины иарбоу аалыҵ рҭиуоу ирымҭиуоу еилыркаароуп, иара убас  иарбоу атауар аҭира ахьаарԥшхо аобиектқәа рганахьала административтә усеиҿкаара ахацыркреи аԥкаанҵақәа реиқәыршәареи, иарбоу атауар рылгареи алдыршароуп».

 

 

 


Read 110 times - Ахәаша, 23 Жәабран 2024 15:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.