Ари амаҵураҭыԥ аҿы иаҭара аҟынӡа Баҭал Аиба Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟа-економикатә зҵаарақәа рзы ицхырааҩыс дыҟан.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Баҭал Аиба Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнакыс дҟаҵоуп.
«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Азинмчы змоу ихаҭанакыс дҟаҵазааит Аиба Баҭал Едуард-иԥа», -ҳәа иаҳәоит жәабранмза 21, 2024 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аусԥҟа атекст аҿы.
Ари амаҵураҭыԥ аҿы иаҭара аҟынӡа Баҭал Аиба Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟа-економикатә зҵаарақәа рзы ицхырааҩыс дыҟан.