«Ҳара, аԥшьгаратә гәыԥ аҳасабала, иҳаҩсыз ашықәс лаҵарамза инаркны ари аусура наҳагӡоит. Иабоу аамҭа аҩныҵҟа иҟаҵоугьы маҷӡам ҳәа уҳәар ҟалоит. Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп – аинклиузивтә еилазаара аԥҵара, згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәеи аҿари асоциум ахь ралагалара, уи иалахәыла наӡаны иҟалартә аҟаҵара», – ҳәа илҳәеит лара.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша анапхгаҩы Инал Хышба агәыҳалалратә фонд аусуреи Афонди аиустициа Аминистрреи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵареи даара акыр зҵазкуа усуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Шәара шәусура иназыцҵоу аҭаххрақәа змоу егьырҭ арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ргәалаҟазаара ишиашоу иадҳәалахоит, урҭгьы рхы аҵамырхакәа ԥхьаҟа ацаразы, асоциум алахәыла наӡаны аҟалара азы агәазыҳәара рызцәырҵыртә еиԥш аҟаҵара.
Ҳара ҳахәҭаала ҳзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны иҳалшо ала ацхыраара шшәаҳҭало агәра шәҳаргоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Аиҿкаара алахәыла Анри Ҵкуа иара ари аиҿкаара аҿы дшыҟалаз атәы еиҭеиҳәеит.
«Сара Ахәыҷтәы дабла цымазара (ДЦП) сымоуп, сара 11 класс рылгеит, аха анаҩс сҵара иацсымҵаӡеит. Ашкол саналга ашьҭахь адәқьан аҿы аусура салагеит, аха ара еиҳа ауаа рабадырра, рыҿцәажәара сҭахын, ажәакала асоциум аԥсҭазаара алахәхара. Сара сеиԥш згәабзиара алшарақәа ԥку сцәызцәеи сареи ҭелла акәын ҳшеицәажәоз, џьара ҳцомызт, лабҿаба аиниареи аимадареи ҳабжьаӡамзт. Аха нас ари аиҿкаара атәы анаҳдыр ашьҭахь, аӡиа Риҵа ҳаҭааит, ҳаҟан Гәдоуҭа, Афон Ҿыц ақалақьқәа рҿы. Ҳара командакны ҳшьақәгылеит. Иҟоуп 25 шықәса зхыҵхьоу, аха аҩреи аԥхьареи ззымдыруа, ашкол ахь имныҟәоз. Ҳара аурокқәа еиҿаҳкаар ҳҭахын; уҽазыҟоуҵалар, хымш рыла алфавит уҵар ҟалоит. Ҳара уҳацхраар ҟалоит», – ҳәа иҳәеит иара. Аиқәшаҳаҭра аусмҩаԥгатәқәа реицымҩаԥгара, аганқәа ринтересқәа ирықәшәо апроектқәа реицынагӡара азԥхьагәанаҭоит.
Аиқәшаҳаҭра иара убас аҿар ауаажәларратә ԥсҭазаара ралархәра иазкны аамҭа рацәа зҵазкуа еиԥш аамҭа кьаҿ зҵазка апрограммақәеи апланқәеи реиқәыршәареи рынагӡареи рылахәхара.