АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Жәабран.2024

Гал араион аҟынтәи арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи Дырмит Гәлиа Иҩны-амузеи 170 нызықь мааҭ ҳамҭас иарҭеит.

Аҟәа. Жәабранза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Гал араион ашколқәа рҵаҩцәа араион аҵара аҟәша аиҳабы Екатерина Габелиа лнапхгарала аҵара аҟәша аусзуҩцәа рыцны жәабранмза  21 азы Дырмит Гәлиа Илитература-мемориалтә аҩны-амузеи иаҭааит. Ашколхәыҷқәа рзы амузеи аҿы аекскурсиа мҩаԥыргеит, иддырбеит, ирзеиҭарҳәеит зегьы реиҳа аинтерес зҵоу амузеитә експонатәқәа ртәы.

Ашколхәыҷқәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа аԥсышәала иаԥхьеит.

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеит 150-шықәса аҵра инамаданы Галынтәи аделегациа амузеи ҳамҭас ианаҭеит 170 нызықь мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Гал-медиа».

«Аҵара аҟәша аҿы изаамҭанытәиу аилатәара анымҩаԥаагоз, ҳара иҳаӡбеит Гал араион аҿы инхо ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи рҟынтәи маҷк иадамзаргьы алагала аҟаҵара. Иҟоу 19 школ зегьы, ирылшоз ала абри аԥаратә хархәагақәа еизыргеит. Ахәыҷқәа зегьы доусы ирылшоз ала рлагала аларҵеит», - ҳәа еиҭалҳәеит  Екатерина Габелиа.

Аҩны-амузеи адиректор Светлана Қорсаиа лажәақәа рыла, арҭ аԥаратә хархәагақәа зегьы сынтәа зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рахь идәықәҵахоит.


Read 117 times - Ахәаша, 23 Жәабран 2024 16:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.