4) аинвалидразы атәанчахәы аиуразы азин змоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу ахаҿқәа.
Аԥаратә цхыраара заураны иҟоу рзеиԥш хыԥхьаӡара 1 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ашәатәқәа мҩаԥгахоит Атәанчаҩратә фонд абиуџьет аҟынтәи.
Аҳәынҭқарра Ахада идҵа ала атәыла Анапхгара иара убас ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахази рҭаацәа ртәанчахәы ашәагаа ашьҭыхразы ажәалагалақәа реиқәыршәара хнаркәшоит. Ртәанчахәы шьҭыххоит 5 062-ҩык.
Атәыла аԥыза-министр хара имгакәа аԥхьаӡаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы нагӡаны аихшьаалатә дыррақәа ирҭарц азы адҵа ҟаиҵеит.
Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аеконоика аминистр Кристина Озган, иара убас Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.