АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Нанҳәа.2023

Амҩатә ԥҟарақәа реилагара азы 236 ԥкаанҵа еиқәыдыршәеит нанҳәамза 9 рзы амилициа аусзуҩцәа имҩаԥыргаз ареид аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадууеи хаҭала ахылаԥшра зырҭоз ареидтә профилактикатә усмҩаԥгатә  мҩаԥысит нанҳәамза 9 рзы. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа, Ирласны анырра аҭаразы Иҷыдоу Аотриад, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа Хада аусбарҭақәеи атерриториалтә ҟәшеиҵақәеи русзуҩцәа ареспублика зегьы иахьаҵанакуа ареидқәа мҩаԥыргеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Гәдоуҭа араиони Гагра араиони, араҟа акурорттә сезон аилашымҭа инамаданы ареспубликатә трасса аҿы амашьынақәа рныҟара еиҳа ирацәоуп.

Ареид мҩаԥызгоз ауааԥсыра административтә зинеилагарақәа рзы ахьырхәрақәа рырӷәӷәара шыҟалаз азы аилыркааратә дыррақәа рызнагаразы  анапынҵақәа рыҭан.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгара ижәны, мамзаргьы анаркотикатәи арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа рыдкыланы  автомашьынатә хархәагақәа рыԥсҟы акра аԥхьырҟәҟәаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭаразы ахыдҵақәа ықәнаргылеит. Амилициа аусзуҩцәа дрыцын ареспубликатә наркологиатә диспансер амобилтә експерттә бригада аҳақьым-лаборант. Уи амашьына арныҟәцаҩцәа ргәаҭара мҩаԥылгон.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩцәа иара убас астационартә ԥыԥшырҭақәа русуреи урҭ реиқәыршәазаареи гәарҭеит.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр атәылауаа заԥхьатәи асаркьақәа аԥшшәахәыркра мҩаԥгоу амашьынақәа рыла рныҟәара излауа ала аԥхьырҟәҟәаара алдыршарц азы ҷыдала адҵа ҟаиҵеит. Аԥхьатәи асаркьа аԥшшәахәыркра амашьынарныҟәцаҩцәа рылаԥшҳәаа акыр иаԥырхагоуп ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Еиқәароу аплионка амҩахь ицәырҵыз ауаа рбара иаԥырхагоуп, убас ала уи амҩатә машәыр азы ашәарҭара иазнарҳауеит.  Ас еиԥш азинеилагара анаарԥшха аамҭазы, аусзуҩцәа аоперативла административтә зинеилагара азы аԥкаанҵа аиқәыршәареи аҭыԥ аҿы амашьына  аԥшшәахәыркра аԥыхреи рзы анапынҵа рыҭоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа  аҵх ирымнахаанӡа апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргон.  Ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭа аҿы ԥхынгәымза инаркны амашьынақәа рыиасра акыр иазҳаит, уи аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟало амҩатә машәырқәа рыстатистика акыр хра змам анырра анаҭеит.

Нанҳәамза 9 рзы имҩаԥгаз ареид иалагӡаны амилициа аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа реилагара азы ишьақәдыргылеит  236 ԥкаанҵа. 12-ҩык ижәны амашьына аԥсҟы акразы амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхын.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала, ареидтә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит.

«Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоу – ҳтәылауаа, ҳтуристцәа рыԥсҭазаара аиқәырхареи ареспублика иахьаҵанакуа амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аиҿкаареи ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.


Read 464 times - Аԥшьаша, 10 Нанҳәа 2023 20:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.