АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Нанҳәа.2023

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк анаукатә усумҭақәа аҩбатәи аҭыжьымҭа ҭыҵит.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аԥҵара 25-шықәса иазкны Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк анаукатә усумҭақәа аҩбатәи аҭыжьымҭа ҭыҵит.

«Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк Аусумҭақәа» Актәи аҭыжьымҭа 2017 шықәсазы иҭыҵит.

«Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк Аусумҭақәа» – аҵыхәтәантәи хәы-шықәса ирылагӡаны, 2017 -2022 шш. амилаҭтә парк иахьаҵанакуа имҩаԥгаз анаукатә ҭҵаарақәа реихшьаалақәа анылоит.  

Аҭыжьымҭа иалалеит аԥснытәи аҵарауааи Урыстәыла ақалақьқәеи еиуеиԥшым ацентрқәеи аҭҵаарадырратә институтқәеи рыҭҵааратә усурақәа рылҵшәақәа.  

Ари аҭыжьымҭа ианылеит 17 статиа, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар абиологиатә наукақәа ркандидат, аорнитолог  Виктор  Маланӡиа игәалашәара иазку астатиеи жәа-шықәса ирылагӡаны (2012 шықәса инаркны  2022шықәсанӡа) Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҿы имҩаԥгаз аекспедициақәа рыхроникеи уахь иналаҵаны.

Аҭыжьымҭа аредактор – агеографиатә наукақәа ркандидат, адоцент, Аԥсны анаука зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк анаукеи аекоҵареи рыҟәша аиҳабы Инга Ҭаниа.

Арецензент – абиологиатә наукақәа рдоктор, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аеколог, Шәачатәи амилаҭтә парк анаука азы адиректор ихаҭыԥуаҩ Туниев Б.С.

Аҭыжьымҭа «Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аусумҭақәа» аҩбатәи аҭыжьымҭа абара алшоит асаит www.ritsa-park ru аҿы, иара убас Аԥснытәи абиблиотекақәа рҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аофициалтә саит.  


Read 402 times - Аԥшьаша, 10 Нанҳәа 2023 23:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.