АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Нанҳәа.2023

Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра иахысуеит нанҳәамза 8 рзы иҟалаз амҩатә машәыр аҿы ааха зауз хҩык апациентцәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҿы астационартә  хәышәтәра иахысуеит нанҳәамза  8 рзы Гагра араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аҿы ааха зауз хҩык апациентцәа. Зынӡа Гагратәи ахәышәтәырҭа ахь инаган 12 - ҩык.

«Ҩыџьа апациентцәа иуадаҩу абҩаԥҵәа ахьрылаз инамаданы, ахәышәтәразы Шәачаҟа, ақалақьтә хәышәтәырҭа №4, атравмологиа аҟәша ахь  идәықәырҵеит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит Гагратәи ахәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада Индира Арсалиа.

Быжь-ҩык апациентцәа ылырҩаахьеит.

«Ааха зауз рҟынтәи аӡәы дԥырҟеит, лара уажәы ареанимациаҿы дышьҭоуп. Уи лҭагылазаашьа макьаназы иуадаҩуп, аха убри аан маҷк хра злоу адинамика аныԥшуеит. Ҩыџьа – атравматологиатә ҟәша аҿы ишьҭоуп, урҭ рҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, ибжьаратәуп», -ҳәа адырра ҟалҵеит Индира Арсалиа.

Нанҳәамза 8 рзы акроссовери амикроавтобуси ааихеит. Иҟалаз авариа иахҟьаны аҭыԥаҿы иҭахеит ҩыџьа ауаа, 12-ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаган.


Read 441 times - Аԥшьаша, 10 Нанҳәа 2023 23:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.