АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп исценарку ақәгылара «Аҽырдырга «Ажәаҩатәи».

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба  «Хатәгәаԥхарауаа Рымш иазкны аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы» ақәҵара инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

2013 шықәса инаркны Аԥсны нанҳәамза 15 рзы официалла иазгәарҭоит хатәгәарауаҩ Имш. Ари амш аҽны имҩаԥысуеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, урҭ 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан ҳаԥсадгьыл  ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы хатәгәаԥхарала иааны аԥсуа жәлар ирывагыланы хацәнымырха еибашьуаз афырхацәа ирызкуп.

Ақәҵара инақәыршәаны, ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭа нанҳәамза 15,  15 сааҭ рзы, Р.Гәымба ихьӡ зху аԥснытәи аҳәынҭқарратә филарониа аҿы имҩаԥнагоит  аныҳәатә еилатәара, анаҩс исценарку ақәгылара «Аҽырдырга «Ажәаҩатәи». 

«Зегьы аофициалтә хәҭа ала иалагоит, араҟа иаԥхьоит Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа, – ҳәа еиҭалҳәеит акультура Аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыг.  – Ҳара ҳзы актәи аҭыԥ аҿы игылоу хатәгәаԥхарауаҩны дыҟоуп Сулҭан Сосналиев, ҳара ари аныҳәатә усмҩаԥгатә ас еиԥш ахьӡгьы заҳҭазгьы убри азы ауп – Сулҭан Асланбеқ-иԥа иҽырдырга. Иарбоу исценарку ақәгылара аҿы ҳара аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы аԥсуа жәлар хатәгәаԥхарала ацхыраара рыҭаразы иааз ҳрыхцәажәалоит. Ари ақәгылара рхы аладырхәуеит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театри Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театри  рактиорцәа, иара убас аестрада артистцәеи ахореографиатә ансамбльқәа рыкәашаҩцәеи».


Read 231 times - Амҽыша, 13 Нанҳәа 2023 22:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.