АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Абҵара.2023

Аслан Бжьания амилициа аусзуҩцәа рзы: «Шәара азакәан шәықәныҟәоит, аҭынчра ахьчаразы есыҽны шәыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылоуп. Шәара шәусура ҭакԥхықәрала азнеиреи шәыгәаӷьреи рзы ҳаҭыр ду шәықәуп».

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Амилициа Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә зхы алазырхәыз Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада амилициа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа инамаданы иааишьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.

«Шәара шәусура ҭакԥхықәрала азнеиреи шәыгәаӷьреи рзы ҳаҭыр ду шәықәуп», - әа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа амилициа аҿиареи ашьақәгылареи рыҟны хәы змаӡам рлагалазы ҷыдала иҭабуп иҳәеит.

«Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит аҩныҵҟатәи аусқәа рветеранцәа амилициа аҿиареи ашьақәгылареи рыҟны хәы змаӡам рлагалазы. Шәара шәԥышәеи шәдырреи акырӡа аҵанакуеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра абиԥара ҿыц рзы», – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

«Ари амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит 1992-1993шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз амилициа аусзуцәа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 300-ҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа аибашьра иалахәын, урҭ рахьтә иҭахеит 41-ҩык, Аԥсадгьыл ахьчаразы иаадырԥшыз афырхаҵареи,  агәаӷьреи, рмаҵзура ламыс цқьала анагӡареи рзы 132- ҩык амилициа аусзуцәа  иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа иаԥсахеит, урҭ рахьтә 25-ҩык  - Аԥсны Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.

Агәра згоит аԥхьаҟагьы шәдырреи шәымч-шәылшеи ауаажәларратә еиҿкаара ишадышәҵо, ҳтәылауаа ринтересқәеи рҭынчреи рыхьчара ишырзышәкуа.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәусуразы, шәгәымшәаразы, Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵ ахьазыжәуа.

Ишәзааигәоуи шәареи агәабзиареи, аҭынчреи, аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит.

 


Read 194 times - Ахәаша, 10 Абҵара 2023 23:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.