АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Абҵара.2023

Роберт Киут Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ Олег Плохои диԥылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ахәаша, абҵарамза 10 рзы диԥылеит астатс-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә гвардиа акомандаҟаҵаҩ, аинрал-полковник Олег Плохои.

Аганқәа аҩганктәи аусеицура амшхәаԥштә иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иара убас  акадрқәа разыҟаҵара, алицензиа-зинаҭаратә усуреи анапхгарабжьаратәи аусеицура азинтә шьаҭақәа рышьақәыргылареи рзы уаанӡа ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭрақәа рышьақәырӷәӷәара мҩаԥысит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Ҷкадууеи Рашь Ҵәыџьбеи, аминистр иабжьгаҩ хада Инал Маршьани. 

 

 


Read 195 times - Ахәаша, 10 Абҵара 2023 23:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.