АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Абҵара.2023

102 шықәса азакәан ахьчараҿы: амилициа Амш азгәаҭара шымҩаԥысыз азы.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Амилициа Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә еизареи аконцерти мҩаԥысит ахәаша, абҵарамза 10 рзы Аԥснытәи адраматә театр аҿы.

Аофициалтә хәҭа аартуа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут амилициа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.  

«Шәара шәзанааҭ – зегьы реиҳа зҵазкуа иреиуоуп, уи аԥсыцқьареи ахаҵареи аҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аминистр ҷыдала ахшыҩзышьҭра риҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа, дара аусзуҩцәа ҿарацәа реиҵааӡареи аԥышәа дууи иреиӷьу атрадициақәеи рымадареи аус аҿы рлагала дуӡӡоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Роберт Киут  амилициа аусзуҩцәа агәабзиара, аманшәалара, анаҩстәи русураҿы аихьӡарақәа рзеиӷьаишьеит.

Рзанааҭтә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз амилициа аусзуҩцәа минуҭктәи аҿымҭрала ргәалашәара ашьҭахь, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада амилициа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа инамаданы иааишьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.

«Шәара шәусура ҭакԥхықәрала азнеиреи шәыгәаӷьреи рзы ҳаҭыр ду шәықәуп», - ҳәа иазгәаҭан Аҳынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада идныҳәалара аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа аринахысгьы рдырреи рымч-рылшеи ауаажәларратә еиҿкаара ишадырҵо, ҳтәылауаа ринтересқәеи рҭынчреи рыхьчара ишырзыркуа азы агәрагара ааирԥшит.

Адныҳәаларақәа рышьҭахь имҩаԥысит изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡқәа ранашьара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа.

Убас, 2023 шықәса, абҵарамза 7 рзы Аҳәынҭқарра Ахада аҩныҵҟатәи аусқәа  русбарҭақәа русзуҩцәа «амилициа аполковник» ҳәа ахьӡ рыхҵаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

«Амилициа аполковник» ҳәа иҷыдоу ахьӡ рыхҵоуп:

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы Аиба Денис Сулҭан-иԥа;

Тҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Биџьев Арсен Хәсин-иԥа;

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  Ашьаусԥшааратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҷолариа Реналд Грант-иԥа.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа жәпаҩык атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Анапхгара, Шәача ақалақь Ахадара, Аԥсны хатәгәԥхарала еибашьуаз Реидгыла, уҳәа рҟынтәи анапхгаратә ҳамҭақәа, аџьшьаратә шәҟәқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.

Аофициалтә хәҭа ашьҭахь аконцерт алагеит. Араҟа иқәгылеит ареспублика арҿиаратә коллективқәа.

 

 

 

 


Read 215 times - Ахәаша, 10 Абҵара 2023 23:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.