АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2023

Ҟрым иҭахаз Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иаргеит.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ аиагареи ргәалашәара анаунагӡатәреи иазкыз ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Диоскураа Рыԥшаҳәа  аҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа азааигәара.

Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ, Тарас Ҵәыџьба ихатәы маҭәақәеи иабџьари дызлалашьҭыз аҳаирплан ахәҭақәаки, иара убас аибашьцәа Михаил Леибеи Нури Џьопууеи рдокументқәеи рыԥшааит апроект «Ахьӡ архынҳәра» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны.  

Агәыҳалалратә фонд «Урыстәыла-Аԥсны» адиректор хада, арра-мемориалтә проект «Ахьӡ архынҳәра» автори анапхгаҩи, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак алахәыла  Григори Скворцов, Ризабеи Хьибба Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭа далҵит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Иара Керчтәи адгьылбжьахабжа ахьчара активла иалахәыз дреиуоуп. Ризабеи Хьибба афронт ахь ааԥхьара иоуит, 138-тәи ахысратә дивизиа аилазаараҿы деибашьуан. Адивизиа Керчтәи адгьылбжьахабжа аплацдарм аҿы анемец мпыҵахалыҩцәа иреибашьуан, уи мшаԥымза 1942 шықәсазы акыр ишььарҵәыраз аидысларақәа активла иалахәын. Анемец афицар ирапорт аҿы дара мышк дуӡӡа рнапахьы ирзаамгоз Батальное ақыҭа заҵәык акәын, ҳәа иазгәеиҭеит. Араҟа деибашьуан Ризбеи Хьибба. Амш ахыркәшамҭаз ауп анемеццәа ари апункт аанкылара анрылшаз, иара уигьы ихьанҭоу артиллериа ахархәара ашьҭахь. Иахьа ҳара ҳапроект ахыдҵақәа нагӡо, Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ  иҭаацәа ираҳҭоит», - ҳәа иҳәеит Григори Скворцов.

Иара убас Ризабеи Хьибба иҭаацәа ирыҭан аибашьҩы ихатәы маҭәақәа – акружка, амҳаҵә, аԥсуа маҟа ахәҭақәак, ахыршә арҭҟәацга аҭра, уҳәа иԥшаара злалыршахаз егьырҭ амаҭәахәқәа.

Григори Скворцов  50-тәи Ар Ҟаԥшь ажәыларатә полк ахысыҩ-арадист Тарас Ҵәыџьба иҭоурых еизаз ирзеиҭеиҳәеит. «Иара Ҷлоу ақыҭа далҵит, Ленинградтәи аԥырыҩцәа рышкол дҭалеит, аҵара иҵеит, анаҩс иԥсҭазаара зегьы авиациа иадиҳәалеит.

Анемецтә мпыҵахалыҩцәа аидысларақәа руак аҿы аибашьҩы Тарас Ҵәыџьба  дызҭаз аҳаирплан ларышьҭыит», – ҳәа иҳәеит Григори Скворцов.

Аҳаирплан ахәҭақәак аибашьҩы гәымшәа ифырхаҵара анаунагӡатәра аҳасабала иҭаацәа ирырҭеит.

Амшынтә десант афырхаҵа Нури Џьопуа илахьынҵахаз атәы дазааҭгыло, Григори Скворцов, аибашьҩы иҭынхацәа Геленџьык ақалақь аҿы иҟоу уи инышәынҭра иаҭаахьеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Нури Џьопуа ԥҳа заҵәык диман, иара афронт ахь данца ашьҭахь диит аҩбатәи иԥҳагьы – Анна, аха иара уи атәы издыруамызт.  1943 шықәсазы адесант аӡхыҵра аан Нури Џьопуа ӷәӷәала дырхәит, иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иара ԥыҭрак ашьҭахь арратә хәышәтәырҭа аҿы иԥсҭазаара далҵит. Нури Џьопуа иуацәеи иҭынхацәеи акыр шықәса изку аинформациа иашьҭан. Иара амшынтә десант афырхаҵа иакәын. Ҳара иахьа уи иҭаацәа ираҳҭо адокументқәа аибашьҩы иҭахара дырҵабыргуеит, иаанарԥшуеит уи данҭахази дахьҭахази рзы адыррақәа. Аибашьҩы-афырхаҵа иԥсыбаҩ Геленџьык ақалақьтә ԥсыжырҭа аҿы анышә иамадоуп», - ҳәа иҳәеит Григори Скворцов.

Григори Скворцов иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Михаил Леиба 1942 шықәсазы Ар Ҟаԥшь акомандаҟаҵаҩцәа рышкол дҭалеит. Усҟан иара  20 шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз. «Уи ахыԥсаҟьагатә взвод  акомандаҟаҵаҩыс дҟалеит, Донбасс ахақәиҭтәраан дҭахеит. 

Михаил Леиба иҩныҟа асалам шәҟәқәа иҩуан, убри иабзоураны ҳара ишьақәҳаргылеит адәытә ԥошьҭа амҩасра, анаҩс уи арасшифровка ҟаҳҵеит, убас ала еилкаахеит Михаил Леиба рашәарамза, 1943 шықәсазы Снежниански араион аҿы дышҭахаз, анышәгьы дшамадоу Донецктәи аобласть Степановка ақыҭа аҿы. Зегьы реиҳа ҳусура аҿы ихадоу— ари 1942-1943 шықәсазтәи асалам шәҟәқәа-аоригиналқәа роуп, урҭ хәызмаӡам ҭынхоуп», – ҳәа иҳәеит Григори Скворцов.

Михаил Леиба иҭаацәа ирырҭеит иара исалам шәҟәқәеи идокументқәеи зҭаз афутлиар.

Астас-маӡаныҟәгаҩ, Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аполковник  Давид Бжьаниа иахьа – Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ҳџьынџьуаа ргәалашәареи рыхьӡқәеи рнаунагӡара иазкны аҭоурыхтә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳзы ари хра злоу лшараны иҟоуп аибашьраҿы Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭтәразы иҭахаз ҳаҭырла ргәалашәаразы. Афырхаҵара аарԥшрала, арратә уалԥшьа ииашаны анагӡарала дара рыхьӡқәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҭоурых адаҟьақәа хьтәы нбанла анылара рҽаԥсартәит. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭӡом ахақәиҭра рхы шақәырҵаз Аԥсны иреиӷьу аԥацәеи аԥҳацәеи. Дара  рыԥсы анҭаз ифырхацәан, убасҵәҟьа ҳгәалашәараҿы иаанхоит наунагӡа», – ҳәа иажәахә хыркәшо иазгәеиҭеит Давид Бжьаниа.

Ризабеи Хьибба иҭынха Зураб Хьибба амитинг аҿы дықәгыло иҳәеит:

«Саб иԥсы ҭанаҵы, аԥшаарақәа мҩаԥысуан. Уи иԥсҭазаара далҵиижьҭеи абар шьҭа 20 шықәса ҵуеит, аха иашьиԥацәа рҭынха иԥсыбаҩ аԥшаара ишақәымӷәыӷуазгьы, аԥшаарақәа ирҿын. Ҳара даара иџьаҳшьеит мшаԥымзазы Ҟрымтәи аԥшааратә гәыԥ Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ аԥшаара алшеит ҳәа ажәабжь анҳаҳа.  Иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ хымԥада ҳаҭырқәҵарыла адгьыл иамадазароуп, иахьа ҳара 80 шықәса раԥхьа иҟаҵатәыз ҟаҳҵоит. Аибашьра аҭоурых ахшыҩзышьҭра ду азҭо ауаа аӡәырҩы  рыбзоурала ҳара урҭ рыԥшаара ҳалшеит. Шәазхәыци, 80 шықәса ҵуеит аибашьра еилгеижьҭеи, аха ауаа, уи акыр ишыуадаҩугьы, иҭахаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ аԥшаара иаҿуп иахьа уажәраанӡа», – ҳәа ауацәеи аҭынхацәеи рыхьӡала рыуа ихабар аилкаареи иԥсыбаҩ аԥшаареи зхы алазырхәыз ауаа зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит иара.

Нури Џьопуа имоҭа, дара рҭаацәа абар шьҭа 80 –шықәса раахыс иабду хабарда дыбжьаӡит ҳәа дшырыԥхьаӡоз иҳәеит. «Шәара шәыбзоурала Нури Џьопуа анышә дахьамадоу аҭыԥ аилкаара алыршахеит. Сара сан дмиӡацызт лаб арраҟа даныргоз. Лара уи ашьҭахь хымз рашьҭахь ауп данииз. Сан мышкымзар-мышкы лаб лшылыԥшаауаз ала агәра ганы дыҟан. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Геленџьык Ахадара ахаҭарнакцәа зегьы.  

Шәара ишәыбзоураны ҳара шьҭа иаадыруеит ҳабду анышә дахьамадоу аҭыԥ – аиашьаратә ԥсыжырҭа аҿы. Ҳара уахь ҳцеит, аусмҩаԥгатәқәа зегьы даара еиҿкааны имҩаԥган», – ҳәа иҳәеит иара.

Анаҩс иҭахаз аибашьцәа рыуацәа, рҭынхацәа атәылахьчара Аминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Аҟәа ақалақь Ахадареи Аҟәа араион Ахадареи, агәыҳалалратә Фонд «Урыстәыла-Аԥсны», уҳәа ахаҭарнакцәа, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу Азеиԥшкомандаҟаҵаратә Ҵааиурҭа акурсантцәеи  ашколхәыҷқәеи Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. 

 

 

 

 


Read 155 times - Ахәаша, 10 Абҵара 2023 11:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.