АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2023

2023 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа аҿы иаатуеит аҩбатәи «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩбатәи «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет аргылара ахыркәшамҭахь инеит.  Ари ауада акыр ишәарҭоу аҿыкчымазарақәа змоу апациентцәа ирызкуп. Аԥшьаша, абҵарамза 9 рзы Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа абазаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Раԥхьатәи «Мельцеровскии бокс» ҳәа изышьҭоу аинфекциа-диагностикатә кабинет  2023 шықәсазы аусура иалагеит. Ари абокс агәабзиарахьчара Аминистрра аԥшьгаралеи атәыла анапхгара иҟанаҵаз афинанстә цхырааралеи иаартын. Абокс аамҭак ала акы-ҩба чымазара зыхьуа, мамзаргьы зчымазара шьақәыргылам, аха акыр ишәарҭоу аинфекциа злаҽыз ачымазаҩ иҿцаауаз апациентцәа раҟәыҭхара алнаршоит. Уи азы аҭаххара есааира иазҳауеит, иара убас аҳақьымцәа ишьақәдыргыло аинфекциақәа рыспекторгьы иазҳауеит. 

Еиуеиԥшым аҿыкчымазарақәа рҿагылареи урҭ реилалара алмыршареи хықәкыс иҟаҵаны, атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра  Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа абазаҿы даҽа бокс аргылара азы аԥшьгара ҟанаҵеит. Иахьазы аргылаҩцәа аҩычаратә усурақәа рынагӡарахьы ииасит. Афымцамҩангаратә усурақәеи асантехника ашьақәыргылареи хыркәшоуп.

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, Ареспублика аҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы аимҳәаршә, абҷы, ацәаркыҷы, уҳәа ҷыдала ишәарҭоу аҿкы чымазарақәа лассы-лассы ицәырҵуа иалагеит.  Уи аперативла азхьаԥшра аҭахуп. «Ҳара адунеи аҿы, ахәҭакахьала ҳтәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу аабоит. Атәылаҿы уаҳа зда ыҟам аинфекциатә хәышәтырҭа азы бокск мацара даара имаҷуп. Ас еиԥш абоксқәа ҩба-хԥа ирыдамхаргьы рыҟазаара хымԥадатәиуп. Агәабзиарахьчара  Аминистрра  атәыла анапхгара ацхыраарала даҽа бокс аргыларазы алшарақәа рыԥшаара алнаршеит, уи даара хра злоу усны иҟалеит», –  ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

«Ари абокс асанитар-аужьҭратә пунктқәа ҩба амазаауеит, уи адунеитә стандартқәа зегьы ирықәшәо иҟалоит. Ари апроект атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра азы адагьы ҳауаажәларратә еилазаара зегьы азы акырӡа аҵанакуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Аинфекциатә хәышәтәырҭа иҷыдоу иаҟәыҭхоу апалата (абокс) ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза шыҟоу иаадыртыроуп. 

 


Read 202 times - Аԥшьаша, 09 Абҵара 2023 23:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.