АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Абҵара.2023

Аслан Бжьаниа Рашид Нургалиев диԥылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи  Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви реиԥылара Аслан Бжьаниа усуратә ныҟәарыла Москваҟа ицара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит, ҳәа адыра ҟанаҵоит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Аганқәа ашәарҭадара аусхкы аҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аслан Бжьаниеи Рашид Нургалиеви иара убас иалацәажәеит аенергетика аусхкы аҿы аусеицура азҵаарагьы.

Аиԥылара иара убасгьы далахәын Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

 


Read 307 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.