АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Абҵара.2023

Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ Олег Плохои Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад даҭааит.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Астатс-маӡаныҟәгаҩ – Урыстәыла агвардиа адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩ, аинрал-половник Олег Плохои аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Рымш азгәаҭара инамаданы Аԥсныҟа дааит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Олег Плохои Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ихаҭыԥуаҩцәа Руслан Ажьиба, Беслан Ҷкадуа, Рашь Ҵәыџьба ицны Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад даҭааит.

Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аомандаҟаҵаҩ, амилициа аподполковник Дадын Чачхалиа асас ари аҟәшеиҵа аусура атәы изеиҭеиҳәеит. Иара аҟәшеиҵа аҿы арратә зыҟаҵара шымҩаԥысуа, иара убас Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад хаҭалатәи аилазаара азы акультура-аԥсшьараамҭа ахгаразы Ацентр аусура шеиҿкаауи ртәы еиҭеиҳәеит.

Иарбоу аҟәшеиҵа аусура ахылаԥшра азы аҭакԥхықәра зду аминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьба Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад ауаажәларратә шәарҭадара аиқәыршәареи ацәгьоурақәа активла рҿагылареи адагьы, ареспублика иахьаҵанакуа азинеиҿкаара ашьақәыргылара иадҳәалоу акыр зҵазкуа ахыдҵақәагьы нанагӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

Олег Плохои иҷыдоу аотриад аррамаҭәеи абџьари рыла аиқәыршәара шымҩаԥысуа азы азҿлымҳара ааирԥшит. Иара иарбоу азҵаараҿы  ацхыраара шыҟало азы еизаз агәра диргеит.

Аинрал-полковник Олег Плохои Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад хаҭалатәи аилазаара рзанааҭтә ныҳәа – Амилициа Амш рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит агәабзиареи аизҳазыӷьареи.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аинрал Олег Плохои Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи Урыстәыла агвардиа ахьӡала агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранеишьеит.   


Read 219 times - Ахәаша, 10 Абҵара 2023 20:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.