АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Абҵара.2023

Аԥснытәи амилициа 102 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 10 аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит.

Шьыжьы инаркны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра адәы аҿы, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз амилициа аусзуҩцәа рбаҟа амҵан аныҳәатә цәаҳәақәгылара мҩаԥысит.                                                        Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара, аусзуҩцәа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеранцәа абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аминистрра ахада Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, акриминал аҿагылара, азинеилагарақәа рыпрофилактикеи ауаажәларратә шәарҭадара ашьақәыргылареи ирыҵоу аҵак ду атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Иахьа ҳара аԥсуа милициа аԥҵара 102-шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Аԥснытәи амилициа есымша азакәани азинеиҿкаареи рыхьчараҿы игылан.  Иахьагьы шәара азинеиҿкаареи атәыла ауааԥсыра ршәарҭадареи реиқәыршәара азы аус жәуеит. Шәара зегьы шәнапы иануп ҳажәлари ҳаԥсадгьыли ԥхьаҟатәи аԥеиԥш. Ари имариам аамҭазы Шәара гәык-ԥсыкала, ламысцқьала, хамеигӡарак ҟамҵакәа шәзанааҭтә уалԥшьа анагӡара шәаҿуп», - ҳәа иҳәеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.

Аминистр амилициа аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аманшәалара, анаҩстәи русура аҿы ақәҿиарақәа.

Анаҩс имҩаԥысит  амилициа аусбарҭақәа абжьаратәи аиҳабыратәи анапхгараҭаратә еилазаара изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡқәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониа.

«Амилициа аполковник» ҳәа ахьӡ ранашьахеит аподполковникцәа Реналд Ҷолариа, Денис Аиба, Арсен Биџьев.

«Амилициа аподполковник» ҳәа ахьӡ ранашьахеит  амаиорцәа Ренат Аџьиеви Денис Гәырҵкаеи.

«Амилициа амаиор» ҳәа ахьӡ ранашьахеит  акаԥданцәа Даур Какаҷиа, Едуард Овчинников, Адамыр  Аргәын.

Иахьаҵәҟьа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа, аминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут дрыцны Аҟәа ақалақь Ахьӡ –Аԥша апарк аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.


Read 162 times - Ахәаша, 10 Абҵара 2023 19:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.