АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Абҵара.2023

Ашьапылампыл-маҷ азы астадион аадыртит Очамчыра араион Баслахә ақыҭан.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мызқәак раԥхьа Баслахә ақыҭауаа атәыла анапхгареи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вианори Бебиеи рышҟа иарбоу аспорттә обиект аргыларазы аҳәара ҟарҵеит.

Аҳәынҭқарра анапхгара аҟынтәи ари азҵаара адгылара аиуит, убас хымз рыла ашкол азааигәара иԥсабаратәым ашьац ала ихҟьоу, арлашагақәеи аихатә кәыршеи змоу ашьапылампыл-маҷ азы астадион ргылахеит.

Ақыҭа ахада Даур Пагава иазгәеиҭеит:

«Ҳара иаҳҭахын ахәыҷқәа аспорт рхы азцо иҟалар. Шьҭарнахыс ҳхәыҷқәа ашкол азааигәара рҽазыҟарҵаргьы ихәмарыргьы ҟалоит. Иахьа  астадион аартра иазку аофициалтә усмҩаԥгатә ашьҭахь атурнир мҩаԥгахоит, уи рхы аладырхәуеит Баслахә, Ԥақәашь, Гәыԥ, Маркәыла ақыҭақәа рҟынтәи аиҳабацәа реиԥш ахәыҷтәы командақәагьы».

Актәи атурнир амҩаԥгаразы Баслахә ақыҭауаа аԥара еизганы аиааира зго рзы аԥхьахәтә храҿақәа раахәара еиҿыркааит.

Ашьапылампыл-маҷ азы астадион аартра ацеремониа  рхы аладырхәит Очамчыра араион Ахадара ахаҭарнакцәеи анапхгараҭареи.


Read 215 times - Ахәаша, 10 Абҵара 2023 21:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.