Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иажәақәа рыла, ақалақь Ахадара иҳаҩсыз ашықәс азы апланқәеи ахыдҵақәеи зегьы шә-процентк рыла инагӡоуп. Иара еизаз иргәалаиршәеит Аҟәа ақалақь Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иацентрны ишыҟаз. Уи иажәқәа рыла, аҳҭнықалақь Ахадара «аныҳәа аҽазыҟаҵара азы аусура ду иҳараку аҩаӡараҿы имҩаԥнагеит».
Аҟәа ахада Беслан Ешба ақалақьтә Еизара адепутатцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит хра злоу аусеицуразы.
«Иҳаҩсыз ашықәс уи иаԥхьнеиуаз ашықәсқәа иреиԥшӡамызт. Уи аиубилеитә шықәсаны иҟан. Иҟаҵаз рацәан, аха еиуеиԥшым амзысқәа рыла иҟоуп ҳазхьымӡазгьы. Аха иааизакны, сара сгәаанагарала ашықәс қәҿиарала имҩаԥысит, ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп 2023 шықәсазы хра злоу ҳусеицуразы», – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.
Адепутатцәа Аҟәа ақалақь Ахадара афинансқәа Русбарҭа 2023-тәи ашықәс азы аусура азы аҳасабырба рыдыркылеит.