АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жәабран.2024

Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы Анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Жәабрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы  атерроризм аҿагылареи аиқәырхареи рхырхарҭа змоу Анапхгарабжьаратәи   атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

Азыҟаҵарақәа раан аиқәырхаҩцәеи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәеи  абарҭ адҵақәа нарыгӡеит:

-  Азхәыцралатәи адиверсиатә  гәыԥ ахьтәо аҭыԥ акәшара;

- азхәыцралатәи адиверсиатә  гәыԥ зыҩноу аҩны ажәылареи агәыԥ анырҵәареи;

- асыԥса алеира инамаданы аԥшаара-еиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;

- аӡхәыҵалаҩцәа алархәыны аӡы иалаҳаз амашьына изҭымҵо иҭахаз ауаа реиқәырхара;

- ашьхахалаҩцәа рмаругақәа рыла ашьха иалҟьаз ауаа рылбаагара аиҿкаара;

- ашәҩаныҟәаҩцәеи акинологиатә маҵзура аусзуҩцәеи алархәны аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара;

- Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехника аҟәша ацхыраарала  ҷыдала хадара злоу амҩа ахәҭақәа рҿы арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара;

Иарбоу аусмҩаԥгатә иалахәын 50-ҩык рҟынӡа амчратә усзуҩцәа, авариа-еиқәырхаратә техника, Аԥшыхәра-ԥыԥшырҭатә кәалӡтәы машьына (БРДМ), ашхәа, ацхыраара ласы амашьына.

Ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аиқәырхаҩцәеи амчратә усзуҩцәеи рзанааҭтә зыҟаҵара ахәшьара аҭара хықәкы хаданы иамоуп.

Анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит атәыла Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль «Сириус» аҿы хәажәкырамза 1 - 7 рзы амҩаԥысра инадҳәаланы.


Read 167 times - Амҽыша, 11 Жәабран 2024 23:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.