Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь абиуџьет аҿы амуниципалтә усбарҭа «Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рполигон» аԥҵара азы аԥаратә хархәагақәа азоурыжьит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофицииалтә саит.
«Аԥсны асоциал-еконоикатә ҿиара адгылара аҭара иазку Аинвестициатә Программа ала Гәылрыԥшь араион аҿы икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реилыхреи адгьыл раҭареи рзы аполигон» аргыларазы аԥаратә хархәагақәа азоужьын. Апроект анагӡара алыршан, аха арыцқьаратә еиқәыршәагақәа рышьақәыргыларазы иназыцҵоу аусурақәа инацҵаны рымҩаԥгара ахәҭан» – ҳәа иҳәеит ахәаша, жәабранмза 9 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара зхы алазырхәыз Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба.
Иара Кацикыҭ иҟоу аполигон ахь инагахо агәамсам аиҳарак – уи Аҟәа ақалақьи Гәылрыԥшь араиони рҟынтәи еизгоу агәамсам ауп ҳәа иазгәеиҭеит. «Уаҟа иҟалоит Аҟәеи Гәылыԥшьи рҟынтәи агәамсам. Убас ала аусура аиҿкаара аганахьала ауадаҩра зегьы аҳҭнықалақь Ахадара иақәшәоит. Ҳара макьаназы ақалақь аҿы еизо агәамсам Гал араион ахь иаҳгоит. Уи инамҩатәны Аҳабла Ҿыц аҿы иҟоу агәасамеизакырҭа аҟынтәи агәамсам ақәгара мҩаԥысуеит. Ҳара иааҳхәеит ҩба автоахагақәа КАМАЗ, – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба. –Ҳаԥхьаҟа ҳара хымԥада иаҳҭаххоит агәамсам абылра иазку анаплакқәа».
Аҟәа ақалақь ахада игәаанагарала, Аԥсны еиԥш иҟоу атәыла хәыҷы аҿы агәамсам адгьыл аҭаразы мҽхакы ҭбаала аҵакырақәа рхархәара ирационалдоуп.
Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Кацикыҭ иҟоу аобиект – ари агәамсам аилыхра асистема змоу раԥхьатәи аполигон ауп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аԥсны аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны агәамсам аилыхра апроцесс алагоит. Уи даараӡа акыр аҵанакуеит аекологиа азы, ҳаԥхьаҟа еиҵагыло абиԥарақәа рзы», – ҳәа иҳәеит иара.
Дмитри Осиа еизаз иргәалаиршәеит, иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы иааиуа 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет адкылараан икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рполигон аҿы аусурақәа рзы иалкаау аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ шазԥхьагәаҭаз.
Адепутатцәа «2024 шықәсазы Аҟәа ақалақь абиуџьет аусеиҿкааратә хархәагақәа рсиа» аиҭакрақәа ралагаларазы рыбжьы рҭиит.