АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жәабран.2024

Жәабранмза 15 инаркны Анаукақәа Ракадемиа аҿы ҿыц аспирантура иҭалаз рзы алекциақәа рыԥхьара иалагоит.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аҿы ҿыц аспирантура иҭалаз аршаҳаҭгақәа рыҭара иазкыз ацеремониа мҩаԥысит.

Амԥар Адгәыр Баҭал-иԥа, Ҵәыџьба Рашид Адамыр-иԥа, Инаԥшьба Инал Гаврил-иԥа, Кәпалба Хамида Гарри-иԥа қәҿиарақәа аԥышәарақәа ҭины Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иаҵанакуа анаукатә институтқәа распирантура иҭалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апресс-маҵзура.  

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Коӷониа аспирантцәа аршаҳаҭгақәа риҭеит, акандидаттә дисертациақәа рыҩраан аҽадцалареи аусура бзиа абареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит. 

«Иахьа шәара аԥсуа наука ахь раԥхьатәи шәшаҿа еихыжәгеит. Ари имариам мҩоуп, аха сара ишәзеиӷьасшьоит ари анаукатә ԥсҭазаара аҿы шәара шәдырреи шәылшареи азхаҵара аиуо, аманшәалара шәыцло иҟаларц. Анаука – аҳәынҭқарра ашьаҟақәа ируакуп, анаука уаҵәтәи аԥеиԥш шәара  аҿар шәнапы иакуп. Шәҵара ахыркәамҭазы ишәыҩраны иҟоу шәдисертациатә усумҭақәа иахәҭоу аҩаӡараҿы иҟалартә еиԥш шәнаукатә напхгаҩцәеи шәареи шусеицура алҵшәабзиақәа аанарԥшырц азы хымԥада иаҭахуп аилибакаареи ааԥсарак ҟамҵа аҽадцалареи», – ҳәа иҳәеит Валентин Коӷониа.

Аспирант Адгәыр Амԥар Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы Аԥсны аҭоурых азы адиссертациатә усумҭа иҩуеит, Рашид Ҵәыџьба –  Аботаника Аинститут аҿы аботаника азы аусумҭа, Инал Инашбеи Хамида Кәпалбеи –  Аекономикеи азини Ринститут аҿы.

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аспециалист Хада Саида Ҳагәышь аспирантцәа рзы алекциақәа рыԥхьара иалагоит жәабранмза 15 инаркны, ҳәа адырра ҟалҵеит.

«Шәара шьахәла адкыларатә ԥышәарақәа ашәҭеит. Жәабранмза 15 инаркны афилософиеи аҳәаанырцәтәи абызшәеи рзы алекциақәа ирылагоит. Сара сгәы иаанагоит шәара аринахысгьы шәҵараҿы  аусуралшара шаашәырԥшо», –  ҳәа илҳәеит лара.

Анаукатә напхгаҩы Диана Ԥлиа аспирантцәа акандидаттә усумҭақәа рыҩраан ақәҿиарақәа рзеӷьалшьеит, ԥшьы-шықәса рышьҭахь убасҵәҟьа гәырӷьарала акандидаттә ҩаӡарақәа змоу аҵарауаа ҿарацәа мҩамш ҳәа раҳҳәаратәы иҟалааит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.


Read 201 times - Асабша, 10 Жәабран 2024 16:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.