pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 24 – 25 рзы Аҟәа ақалақь, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит  Алиса Гыцба лыхьӡ зху II Жәларбжьаратәи аконкурс афинал.

Аиааира агаразы еицлаблоит 29-ҩык асолистцәеи аинструменталтә ансамбльқәа быжьбеи. Аконкурс ҩ-номинациак рыла имҩаԥысуеит: «Академиатә авокалтә нагӡара», «Ансамбль аҟазара».  Аконкурсантцәа рфиналтә зыӡырҩрақәа рахь анеира хәыда-ԥсадоуп.

Аконкурс жьҭаарамза 26 рзы, аҳамҭақәа ранашьара ацеремониеи агала-концерти рыла ихыркәшахоит. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп алауреатцәеи ажиури алахәылацәеи, иара убас Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика жәлар рартист Заурбек Гәыгкаев инапхгарала Владикавказ иҟоу Мариинтәи атеатр аоркестр аҿгеи Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри.

Аконкурс ажиури аилазаараҿы иҟоуп еицырдыруа амузыкантцәеи ашәаҳәаҩцәеи: Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алеқсандр Гиндин, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Иана Иванилова, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат Басиниа Шульман, Аԥсны жәлар рартистка Нинель Бжьаниа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Виктор Абрамиан-Ешба, Урыстәыла зҽаԥазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьразы ақыҭанхамҩатә тауарқәеи аҩнытә ԥстәқәеи  раахәаразы аилаӡарақәа рылахәхаразы иаарту аконкурс алахәхара азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Ахәҭакахьала излацәажәо аҭыжьра аиҿкаареи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулареи рзы иҷыдоу аиқәыршәагақәеи аматериал-техникатә хархәагақәеи роуп:

– ақыҭанхамҩатә обиектқәа рзы иҵәылаҵоу аҭел, аихыршьқәа, аргыларатә маҭәахәқәа;

– арԥхагатә каркасқәа, арԥхагатә каркасқәа рышьақәыргыларазы рхы иадырхәо аматериалқәа;

– арахә, аҩнытә ԥсаатә, аԥсыӡ, аҟашәа;

– аандақәа рыкразы аҵәҩанқәа;

– ацәықәбартә ӡықәҭәара асистемақәеи урҭ рыԥсахга хәҭақәеи;  

– аминералтәи аоргантәи арҵәыгақәа;

– ақыҭанхаҩа аалыҵ аарыхра, аҭыжьра аиҿкааразы рхы иадырхәо аинвентари атауарқәеи;

– аргылара-еиқәыршәаратә усурақәеи аветеринартәи агротехникатәи амаҵзурақәеи рымҩаԥгара.

Аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдыркылалоит жьҭаарамза 27, 2023 шықәсанӡа.  

Аҟәа. Жьҭаарамаза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2014 шықәса инаркны 150 тонн инареиҳаны агуманитартә еидара  Аԥснынтәи ДЖәР, ЛЖәР рахь анагара алыршан.  Абри азы ашәахьа, жьҭаарамза 23 рзы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы  адырра ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа арегион ҿыцқәа аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахада Лев Кәыҵниа.  

Апресс-конференциа зхы алазырхәыз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу арегионқәа –  Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи Запорожтәии Херсонтәи аобластқәеи аус рыцура азҵаара аҵак ҷыда арҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.   

«Ҳреспубликақәа рыбжьара аусеицуреи аимадареи акыр аамҭа раахыс аиҩызаратә ҟазшьа рыманы иҟоуп. Лев Кәыҵниа напхгара зиҭо Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Ҳминистрра акәзар,  абар ашықәсқәа инеиԥынкыланы иарбоу арегионқәа излауо ала ацхыраара рыҭара еиҿнакаауеит», – ҳәа иҳәеит Константин Ҭыжәба.

Иҿыцу амаҵураҭыԥ азы акәзар, Константин Ҭыжәба иҳәеит:

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Венесуелеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинҷыда змоу, аԥшьаша, жьҭаарамза 19 рзы Москва ақалақь аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аилибакааразы Амеморандум  рнапы аҵарҩит. Анапаҵыҩра, VII Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы иуԥыло апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәала аимадара» аихшьаалақәа рыла имҩаԥысит.

Анас Кьышьмариеи Хосе Руис Ангулои рнапы зҵарҩыз аусшәҟәы аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа рыцҵареи рырӷәӷәареи хымԥадатәиуп ҳәа иазгәаҭоуп.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ателехәаԥшратә мҩаԥгаҩы, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Соловиов иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Рудольф-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит шәира Амш!

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Баграт Хәытаба Ааигәа Мрагыларатәи атәылақәа аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра хаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп.

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:

«Хәытаба Баграт Рашь-иԥа Аԥсны  Аҳәынҭқарра хаҭарнак ҷыдас дҟаҵазааит Ааигәа Мрагыларатәи атәылақәа аус рыцуразы».

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Кәыҵниа Лев  Константин-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа арегион ҿыцқәа аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас иаҭаразы Аусԥҟа ҭыжьуп.

Ахада Иусԥҟала Кәыҵниа Лев  Контантин-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа  арегион ҿыцқәа аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп. 

Аусԥҟа иаҵаҩуп 2023 шықәса, жьҭаарамза 18 рзы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩы Ҭемыр Џьынџьали алархәны аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аилатәара аҿы еиуеиԥшым азҵаарақәа ирыхәаԥшит, ахәҭакахьала ахархәара ҳасабырбатә приборқәа рышьақәыргылара, ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа реизгара арбагақәа, иара убас Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» иааиуа аӡынтәи аамҭахәҭа ахьынӡазыҟаҵоу, уҳәа азҵаарақәа шьҭырхит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла атранспорт Аминистрра аҿы Урыстәыла атранспорт аминистр Игорь Чалики Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аеконоика аминистр Кристина Озгани реиԥылара  мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра аофициалтә саит.

Аганқәа ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи атранспорти атранспорттә инфраструктура аҿиареи русхкы аҿы русеицура азҵаарақәа. Ахәҭакахьала, ирыхәаԥшит амшынтә, автомашьынатә,  аихамҩатә еимадара аганахьала аусеицура азҵаарақәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза  3 – 4 рзы имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови  иареи реиԥылара ахәшьара ҳаракы аиҭеит.

«Аиԥыларақәа бзианы имҩаԥысит. Владимир Путини сареи ҳаиԥылара алҵшәақәа ртәы ҳаԥхьаҟа иаабараны ҳаҟоуп. Сара бжь-зҵаарак шьҭыхит, урҭ зегьы рыла аибибакаара ҳауит», -ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа реиԥылара аҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан аенергетика, газла аиқәыршәара, агазтә фымцастанциақәа ҩба рыргылара, Гәымсҭа аӡиас ала ацҳа ҿыц аргылареи ажәытә цҳа аиҭашьақәыргылареи Кәыдрытәи аҩхаа аҿы амҩеи атоннельқәеи реиҭашьақәыргылара, иара убас Аԥсны арбџьармчқәа ацхыраара рыҭара, уҳәа убас егьырҭгьы.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.