pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Мариа Захар-иԥҳа лыԥсҭазаара далҵит жәабранмза  29 рзы, ҳәа адырра ҟарҵеит уи лыуацәа. Аветеран илхыҵуан  101 шықәса.

Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥгахоит хәажәкырамза 3, асааҭ 12:00 рзы абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа, Инал-иԥа имҩа, аҩны №116.

*** Мариа Захар-иԥҳа Глускер 19 шықәса анылхыҵуаз амедиаҳәшьцәа рышкол далгеит, уи ашьҭахь афронт ахь ааԥхьара лоуит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 1 азы Хьыбла Гьерзмааԥҳа иаԥылҵаз авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи  Жәларбжьаратәи реицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит. Уи Актәи атур мҩаԥгахоит Москва ақалақь аҿы 2025 шықәса, ажьырныҳәамза  12-25 рзы.

Аклассикатә музыка аганахьала адунеи иреиҳау аконкурсқәа иреиуоу алахәхаразы азыҳәақәа раашьҭа ҟалоит нанҳәамза 1, 2024 аҟынӡа. Уи рхы аладырхәыр рылшоит 21-36 шықәса зхыҵуа авокалистцәеи 20-35 шықәса зхыҵуа аконцертмеистерцәеи.

Адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аопертә шәаҳәаҩы иаԥшьылгаз Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцертмеистрцәеи рконкурс абаҩхатәра злоу анагӡаҩ ҿарацәа адгылара рыҭара иазкуп.

Апроект акультуратә инициативақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ифонд адгыларала инанагӡоит Хьыбла Герзмаа Рфонд.  Аконкурс апартниор хаданы иқәгылоит К. С. Станиславскии Вл. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Музыкатә театр. Алԥшааратә тур аихшьаалақәа (40-ҩык авокалистцәеи 20-ҩык  аконцертмеистерцәеи иреиҵамкәа) рзы адырра ҟаҵахоит жьҭаарамза 15, 2024 шықәса рзы.   Уаанӡа еиԥш уажәгьы атур иалахәхо рзы аҳҭнықалақь аҟынӡа анаӡареи уаҟа аанкылареи рзы ахарџь ахахьы иагоит аиҿкааратә комитет. Апретендентцәа ахәшьара рырҭоит аексперттә жиури. Уи аилазаараҿы иҟалоит еицырдыруа арежиссиорцәа, аоператә шәаҳәаҩцәа, атоп-менеџьерцәа, авокал арҵаҩцәа. Ажиури напхгара алҭоит Хьыбла Герзмааԥҳа.

Сынтәатәи аԥхьахәтә фонд иартәоит 13,2 миллион мааҭ, 2,5 миллион мааҭ ианашьахоит гран-при иаԥсахаз. Авокалистцәа рыбжьара актәи апремиа иаԥсахаз иоуеит 1,5 млн. мааҭ, аҩбатәи  – 1,2 млн. мааҭ, ахԥатәи  – 1 млн. мааҭ.  

Аҟәа. Хажәкырамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩаша, хәажәкырамза 5 рзы, Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль  аплошьадка аҿы Асоциалтә платформа «Аԥсны аԥеиԥши» аҿиаразы иҳәынҭқарратәым аинститут «Иннопрактикеи» аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» ҳаҭыр зқәу ахантәаҩы Инал Арӡынбеи аилазаара «Иннопрактика» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Наталиа Поповеи.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҿы, Бедиатәи  аиашахаҵаратә уахәама, иара убас ареспублика аҿы ашколнӡатәи аусбарҭақәа рҿы аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа азҵаарақәа ирыдҳәалан атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара», аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аҳәынҭқарратә Усбарҭа, аунитартә наплакы «Аҟәаргылара»  анапхгареи  реиԥылара.

«Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иахьа Маҷара ақыҭан ахархәаразы ирырҭеит арепатриантцәа рҭаацәа рзы 24-уада змоу аиланхарҭатә ҩнеихагыла.

«Аҟәаргылара» анапхгаҩы Рауф Ҳаразиа даҽа аиԥш-зеиԥшу аҩнқәа ҩба рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо азы адырра ҟаиҵеит.  Аҩнқәа руак хымз рыла ахархәарахь ирырҭараны иҟоуп, аҩбатәи – ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы. Алеқсандр Анқәаб Рауф Ҳаразиеи «Аҟәаргылара» аусзуҩцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит инарыгӡаз аусура азы.  

Шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭеи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аҳәынҭқарратә Усбарҭеи рнапхгаҩцәа Ҭемыр Агрбеи Гарри Сангәлиеи аԥыза-министр Бедиатәи аныхабаа аҿы аусурақәа рымҩаԥысшьа азы адырра ирҭеит.  Уажәы Бедиатәи аныхабаа аҿы ахыб рыԥсахит, аҿаҵа анагӡаҩыс иҟоу аилазаареи аҭыԥантәи аусурақәа рынагӡаҩцәеи рыбжьара аныхабаа аҿы 62 аиндивидуалтә ԥенџьыртә блокқәа рыҟаҵареи рышьақәыргылареи рзы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза  5 инаркны хәажәкырамза  15 аҟынӡа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы имҩаԥыслоит Аԥсны акоманда-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵарақәа. Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – аибарххареи ашәарҭареи  зцу аҭагылазаашьақәа рҿы арратә комиссариатқәа, арезерв хәҭақәа рыштабқәа амобилизациатә уснагӡатәқәа рынагӡара разырхиара аҩаӡара ашьҭыхра, ҳәа иаанацҳауеит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аоперативтә ҳазылхра зеицҵалыҵ 6,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо аҳазалхратә шәарақәа ршәара аҽахгара афактқәа рыла ашьаусеилыргарақәа хацнаркит.  

30-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ ахатәы хархәара азы акәушәа иарбаны аҳазалхратә шәатәқәа ршәара аҟынтәи ахақәиҭтәрала Урыстәылаҟа ииаигеит 2002 шықәсазы иҭыжьыз автомашьына  «Cadillac Escalade». Аамҭалатәи алагалара арежим аԥҟарақәа еилаганы  ари ахаҵа иарбоу автомашьына Урыстәыла атәылауаҩ ииҭеит, убри аан уи азы аԥарагьы иоуит.  Мчыбжьык ашьҭахь уи иаҳәшьеиҵбы, 27-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ,  1978 шықәсазы иҭыжьыз, зыхәԥса ҳараку араритеттә автомашьына «Cadillac Fleetwood» азы аамҭалатәи алагалара азы ашәҟәқәа еиқәыршәаны, убасҵәҟьа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ иацәыхарамкәа Урыстәыла атәылауаҩ илҭеит, ҳәа иаанацҳауеит Аладатәи аоперативтә ҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа. Хәажәкырамза 3,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ахада 2023 шықәсаантәи аусура аихшьалақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба идикылеит. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ахада 2023 шықәсаантәи аусура аихшьалақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба идикылеит. 

Беслан Ешба Ахада иҟны иҟаиҵаз аҳасабырбаҿы инарҭбааны далацәажәеит 2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь администрациа имҩаԥнагаз аусура, асоциал-економикатә ҿиара, аинфраструктуратә проектқәа, афымцамчтә ҭышәынтәалара, афинанстә напхгараҭареи рызҵаарақәа убрахь иналаҵаны.

Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит аҳҭнықалақь аҟны аусура зылшоны иҟоу ауааԥсыра рыҟнытә усурҭа ҭыԥла еиқәыршәоу рхыԥхьаӡара.

Ақалақь аҩныҵҟа аиуристтә хаҿқәа ыҟоуп 1194-ҩык, урҭ рыҟны аус руеит 10000-ҩык инареиҳаны, хазхаҭалатәи анаплакҩцәа 3762 рыҟны аус руеит 1640-ҩык. Аҟәа аҩныҵҟа иҟоу ареспубликатә усбарҭақәа рыҟны аус руеит 5700-ҩык, ақалақь Администрациа аппарат аҟны иҟоуп 139-ҩык.

Беслан Ешба иажәақәа рыла Аҟәа Администрациахь аҳасабырбатә шықәса аҩныҵҟа иааит 6 739 шәҟәи арзаҳали, урҭ рахьтә инагӡоуп 5 215, 1 112 абжьаратә ҭак рыҭоуп, 412 аус рыдулара иаҿуп. 

Иара убас абри аамҭа аҩныҵҟа архитектура аҟәша 129 зин рнаҭеит аргылареи аиҭеиҿкаареи рзы, 24 ахархәарахь рыҭаразы азин, ахархәарахь ирыҭоуп 18 обиект, ирыҭоуп 79 ақалақьргыларатә лкаақәа, ирыхәаԥшуп 42 проектҭә зыӡба, имҩаԥгоуп ақалақьргыларатә хеилак аилатәарақәа 3. 

2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь абиуџьет азы ирыдыркылеит  1 млрдки 428 млн мааҭ, аха 2022 шыықәса анҵәамҭазы аиҷаҳара ахьалыршаз иабзоураны 183 млн ахашәала ацны ҳҭалеит 2023 шықәсазы. Абри аҟнытә абиуџьет иацҵан иагьартәеит 1 млрдки 975 млни 54 нызқь маатҭ ахашәалақәа рыла, 2 млрд 158 млн 445 нызқь маат ахарџьқәа рыла. 

«Аҟәа ақалақь ахатәы хашәалатә биуџьет азы аплан иартәеит 2023-тәи ашықәс азы 1 млрд 520 млн 224 нызқь мааҭ, фактла анагӡара иартәеит 1 млрд 666 млн 987 нызқь мааҭ, аизҳара иартәеит 109,7% », - иҳәеит Б. Ешба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы аҭыԥантәи амедицина аҭоурых аҿы уажәраанӡа иҟамлацыз раԥхьатәи абариатриатә ԥҟара мҩаԥыргеит. Абариатриатә ԥҟара, мамзаргьы абариатриа – ари мыцхәы ажькра ахәышәтәра иазкны аоперативтә метод ауп.   

Аԥҟара аԥснытәии ҭырқәтәылатәии ахирургцәа еивагыланы имҩаԥыргеит. Уаанӡа аԥснытәи аҳақьымцәа Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ала иҟаҵаз адгалара иабзоураны иарбоу аоперативтә метод ала аҽазыҟаҵаразы амастер-классқәа ирҭаауан.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2024 шықәса, жәабранмзазы атәыла абиуџьеҭ ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 446,3 млн. мааҭ. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 321,2 млн. мааҭ. Анагӡара  139% рҟынӡа инаӡоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит.

2024 шықәса ҩымз рыҩныҵҟа ареспублика абиуџьет ахь фактла ааимҭақәа идыртәеит – 711,5 млн. мааҭ, мамзаргьы  135%. Убри аан аплан иарбан 528,0 млн. мааҭ.

Сынтәа ашәахтә шәатәқәа ралагалара адинамика  иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 113,0 млн. мааҭ, мамзаргьы  119% рҟынӡа инаӡеит. .  

Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҿы ҳазҭоу 2024-тәи ашықәс ҩымз рыла ааимҭақәа абасала ишьақәгылеит:

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гәлрыԥшь араион аҟны 2023 шықәсаантәи аусура аихшьалазы аҳасабырба идикылеит. Гәылрыԥшь араион Администрациа ахада Саид Ҳаразиа аҳасабырбатә аамҭа аҩныҵҟатәи аусуразы аихшьала ҟаиҵеит.

«Гәылрыԥшь араион аҟны 2023 шықәсазы ахашәалатә хәҭа 108% рыла инагӡоуп. Аплан аҟны иарбаз 312,7 млн. мааҭ раан  фактла ааимҭақәа идыртәеит – 337,8 млн мааҭ. Урҭ рахьынтә ахатәы хашәалақәа идыртәеит –135,5 млн. мааҭ аплан аҟны иарбаз 110,4 млн мааҭ раан, мамзаргьы 122,8%. Абасала, ахатәы хашәалақәа ирызҳаит 44 млн. мааҭ рыла мамзаргьы  48,2% рыла еиҳахеит ҵыԥхтәи ашықәс аасҭа. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.